Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәса ажьырныҳәаахыс хнызқьҩык инареиҳаны амигрантцәа Аԥсныҟа иаахьеит

© SputnikМиграционная служба РА
Миграционная служба РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2022
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны аус руеит 5 849-ҩык амигрантцәа. Аиҳараҩык Узбекистан, Таџьикистан, Кореиа, Ҭырқәтәыла рҟынтә.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. 2022 шықәса ажьырныҳәамза аахыс 2 964-ҩык амигрантцәа Аԥсныҟа иаахьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә амиграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Бганба.
Ари 750-ҩык рыла еиҳауп 2021 шықәса аасҭа. Иахьазы Аԥсны аус руеит 5 849-ҩык амигрантцәа. Аиҳараҩык Узбекистан, Таџьикистан, Кореиа, Ҭырқәтәыла рҟынтә.
Бганба иҳәеит апандемиа аамҭаз аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа разымхара ыҟазҭгьы уажәы усеиԥш ауадаҩрақәа шыҟам.
Аԥсныҟа еиҳарак Абжьаратәи Азиантәи ауп ишаауа. Убас, 1452-ҩык–Узбекистанынтәи, 371-ҩык – Таџьикистан, 392-ҩык – Кореиа, 319-ҩык – Ҭырқәтәылантә. Иҟоуп аиурист хаҿқәеи анаплакҩцәеи рааԥхьарала иаауагьы.
"Ҳдыррақәа рыла 2022 шықәсазы аиурист хаҿқәеи анаплакҩцәеи Аԥсныҟа иаарԥхьеит 518-ҩык", - ҳәа иҳәеит Бганба.
2022 шықәса абҵара 1 азтәи адыррақәа рыла амиграциатә маҵзураҟынтә абиуџьет иаланагалеит 52 миллиони 314 нызқь мааҭ, 2021 шықәсазы – 31 миллиони 139 нызқьмааҭ. Убри аан Аԥснынтәи Абжьаратәи Азиа атәылақәа рахь инашьҭуп миллиардки 229 миллион мааҭ ҳәа азгәанаҭоит Амилаҭтә банк.
Аҳәаанырцәуаа аусураз азин роурц Аԥсны амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит, СПИД, ВИЧ, гепатит В, гепатит С рзы анализқәа арҭоит. 2022 шықәсазы гепатит В рыдбалан 249 –ҩык, гепат С – 82-ҩык, ВИЧ змаз аӡәы атәыла далцан.
Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа 102 ԥкаанҵа аздырхиеит Аԥсны аҵакыраҿ аусура азин ахьрымамыз азы.

"Иаанкылаз зегьы ахараԥса аныршәа ашьҭахь ашәҟәқәа ҟарҵеит", - ҳәа иҳәеит Бганба, иагьазгәеиҭеит аҳәаанырцәуаҩы ашықәс аҩнуҵаҟа ҩынтә аџьатә усура азакәан еилаигар атәыла дахырцоит.

Аусутә виза аиураз аҳәаанырцәуаҩ 6 000 мааҭ ишәароуп, аусура азин аиуразгьы иара убас.
2022 шықәсазы абжьаҟазаратә ӡбарҭахь инашьҭын аԥкаанҵақәа ԥшьба закәаншьаҭада аусуратә мчы ахархәаразы.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аусуратә мигрантцәа иреиуам лассы-лассы закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршаразы иааныркылалоит. 2022 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны ААР адыррақәа рыла иаанкылан 28-ҩык, 2021 шықәсазы – 16-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0