https://sputnik-abkhazia.info/20221215/aparlament-abankt-yshnyrtalara-auskhk-any-zakanarat-aktak-asakhra-alanagaleit-1043141943.html
Апарламент абанктә ҭышәныртәалара аусхк аҟны закәанԥҵаратә актқәак аԥсахра аланагалеит
Апарламент абанктә ҭышәныртәалара аусхк аҟны закәанԥҵаратә актқәак аԥсахра аланагалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Абанктә ҭышәныртәалара аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра... 15.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-15T17:23+0300
2022-12-15T17:23+0300
2022-12-15T17:23+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0f/1043128141_0:85:1618:995_1920x0_80_0_0_a8571b719569c5667753c5707a8d9763.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Абанктә ҭышәныртәалара аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра закәанԥҵаратә актқәак аԥсахра рылагалараз" азакәан. Адокумент инақәыршәаны 20% аҟынтә 10% рҟынӡа иларҟәхоит аиқәшаҳаҭра зыбжьоу аиурист хаҿыки (ма) хатәхаҿыки мамзаргьы еихьыԥшу аиурист хаҿқәа ргәыԥи реилаӡарак ма реилаӡарақәак реихшьаалақәа рҟынтәи иаархәои (ма) ироуеи акредиттә еиҿкаарақәа ракциатә пакетқәа (рыхәҭа). Аиҭакрақәа акредиттә еиҿкаарақәа аԥхьаӡамҭа шаадыртыз азы ардырратә процедура ааныжьны акредиттә еиҿкаарақәа ркореспонденттә ԥхьаӡамҭақәа раартра азин аԥырырхуеит. Иара убасгьы, азакәан апроект иазгәанаҭоит атермин "акрызҵазкуа анырра" "ахылаԥшреи акырӡа еиҳаны анырреи" ала аԥсахра. Уи иахьа еиҳа ахархәара змоу терминуп, афинанстә ҳасабырба Жәларбжьаратәи аҿырԥшқәа (МСФО) ирықәшәоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0f/1043128141_89:0:1529:1080_1920x0_80_0_0_91ed2e5ea4a8fa44031e775f0e35838c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Апарламент абанктә ҭышәныртәалара аусхк аҟны закәанԥҵаратә актқәак аԥсахра аланагалеит
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Абанктә ҭышәныртәалара аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра закәанԥҵаратә актқәак аԥсахра рылагалараз" азакәан.
Аилыркаагатә шәҟәы ишаҳәо ала, аԥсахрақәа алагалахоит Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы.
Адокумент инақәыршәаны 20% аҟынтә 10% рҟынӡа иларҟәхоит аиқәшаҳаҭра зыбжьоу аиурист хаҿыки (ма) хатәхаҿыки мамзаргьы еихьыԥшу аиурист хаҿқәа ргәыԥи реилаӡарак ма реилаӡарақәак реихшьаалақәа рҟынтәи иаархәои (ма) ироуеи акредиттә еиҿкаарақәа ракциатә пакетқәа (рыхәҭа).
Аиҭакрақәа акредиттә еиҿкаарақәа аԥхьаӡамҭа шаадыртыз азы ардырратә процедура ааныжьны акредиттә еиҿкаарақәа ркореспонденттә ԥхьаӡамҭақәа раартра азин аԥырырхуеит.
Иара убасгьы, азакәан апроект иазгәанаҭоит атермин "акрызҵазкуа анырра" "ахылаԥшреи акырӡа еиҳаны анырреи" ала аԥсахра. Уи иахьа еиҳа ахархәара змоу терминуп, афинанстә ҳасабырба Жәларбжьаратәи аҿырԥшқәа (МСФО) ирықәшәоит.