Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атәанчахәқәа рзы аиқәшаҳаҭра апроект аиҭакрақәа ралагалара шьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Парламент Республики Абхазия
Парламент Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2022
Анапаҵаҩра
2015 шықәса мшаԥы 14 аахыс Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра аус ауеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. Апарламент ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра апроект аиҭакрақәа ралагалара.
Адокумент инақәыршәаны:
иалагалахоит аԥаразоужьраз азинмч зҭоу Аԥсны аусбарҭа аҭакԥхықәра, атәанчахәқәеи урҭ рыцҵақәеи инарыцҵаны ршәара алзыршаз аҭакԥхықәрадара аҭыԥ амазар,
Урыстәыла азинмч змоу аусбарҭа Аԥсны абиуџьеттә системахь ихымԥадатәиу аԥарашәара ақәхуп.
Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнакс иҟоу Наҭелла Ломиаԥҳа ишылҳәаз ала, ареспубликаҿ имаҷымкәа иҟан аҭагылазаашьақәа, зыԥсҭазаара иалҵыз ицынхәра даҽа џьоукы атәанчахәқәа анроуаз.
2015 -2020 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа 24 миллион мааҭ ауал ақәуп.
Ирыдыркылаз аԥсахрақәа инарықәыршәаны Аԥсны ианаамҭоу атәанчахәы иԥсҭазаара дшалҵыз, уи иқәнагоз атәанчахәы аҽаӡәы ишиоуаз азы адырра ҟанамҵазар, Аԥсны азинмч иаҵагыло аусбарҭа аҭакԥхықәра адҵахоит, закәандарыла игаз аԥарагьы архынҳәыр акәхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0