Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР ахаҭарнакцәа Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа иалахәын

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2022
Анапаҵаҩра
Жәиԥшь ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа злахәыз аконференциаҿ иалацәажәеит Евразиа аинтеграциатә процессқәеи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа рырӷәӷәареи рылшарақәеи рзы хра злоу азҵаарақәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Алхас Барзаниеи атәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы ицхырааҩ Станислав Қаџьаиеи алахәын Москва имҩаԥысыз жәларбжьаратәи апартиабжьаратә конференциа "Евразиатәи алхрақәа асуверенитет аиқәырхара ашьаҭала" захьӡыз аконференциа.

Аконференциаҿ иалацәажәеит иахьа адунеиаҿ имҩаԥысуа атектоникатә ҽыԥсахрақәа. Иалацәажәеит аполитика инаркны аекономика аҟынӡа аҿыԥсахрақәа ртәы", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Барзаниа.

Иара иҳәеит, Аԥсны ароль хазы иганы аконференциаҿ ишаламцәажәаз, аха ҳтәыла ахаҭарнакцәа Урыстәыла адагьы, егьырҭ атәылақәа рлахәылацәеи дареи реиҿцәажәарақәа раан ари азҵаара шышьҭырхуаз.
"Апленартә еилатәараҿы Аԥсны ароль ҳәа иалацәажәаӡамызт. Аха афорум аҟны сколлегацәеи сареи Амшынеиқәаҿтәи Кавказтәи арегионқәа рыҟны имҩаԥысуа апроцессқәа Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала аҵаки ахықәки ҳалацәажәеит", - ҳәа иҳәеит Барзаниа.
"Евразиатәи алхрақәа асуверенитет аиқәырхара ашьаҭала" захьӡыз жәларбжьаратәи аконференциа мҩаԥысит Москва ԥхынҷкәын 14 рзы. Уи рхы аладырхәит урыстәылатәи асинаторцәа, Аҳәынҭдума адепутатцәа, аҭҵаарадырра-аексперттә еилазаара ахаҭарнакцәа, иара убас 14 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа. Иалацәажәеит ИАР атәылақәеи Азиеи реицҿиара алзыршо азҵаарақәа.
III Международной конференции Роль взаимодействия фракций политических партий и блоков в межпарламентском сотрудничестве стран СНГ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2022
Аԥсны
Аԥсны адепутатцәа ИАР атәылақәа рпарламентқәа русеицуразы аконференциа иалахәын
Ажәабжьқәа зегьы
0