Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәаскәасқьыр Аԥсны аӡынтәи аҿаҵақәа рзы: ахәқәа харҟьаны ҳәа иҟаӡам

Кәаскәасқьыр Аԥсны аӡынтәи аҿаҵақәа рзы: ахәқәа харҟьаны ҳәа иҟаӡам
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә туристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аӡынтәи аҿаҵақәа рцашьа, аԥсшьаҩцәа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа шырхырго, насгьы атурқәа рыхәқәа зеиԥшроу.
Аԥсны Ашықәсҿыцтәи аҿаҵақәа 50% иреиҳаӡам ҳәа аанацҳауеит атуризм аминистрра апресс-маҵзура. Макьана азыҳәақәа маҷуп, аха иаанхаз аамҭа иалагӡаны ахыԥхьаӡара еиҳа еихаҳап ҳәа иақәгәыӷуеит асасаирҭақәа рнапхгаҩцәа.
Акурортә аамҭа хар амаӡамызт, Ашықәс ҿыц азын иаараны иҟоу рхыҧхьаӡара бзиахоит ҳәа сазыԥшуп ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәакәасқьыр.
"Аԥсны аӡын аамҭазы асасцәа рыдкылара ауадаҩрақәа шацугьы, еиҳарак алашара аганахьала, иаауа маҷҩым. Дара иалырхуеит шьҭа бзиа ирбахьоу аҭыԥқәа, Риҵа, Афон ҿыц. Ашьхахь иузыгаӡом, даргьы ахара ирҭахӡам", - ҳәа иҳәеит Кәакәасқьыр.
Ашықәсҿыцтәи аҿаҵақәа рыхәқәа атәы дрылацәажәо амилаҭтә туристтә еилахәыра аиҳабы иҳәеит, урҭ ихарҟьаны ишыҟам. Ахә иаԥсоу узынагӡар, асасгьы азҵаарақәа изцәырҵӡом, азнеишьоуп аԥхьа иргыланы аус злоу ҳәа иҳәеит Кәакәасқьыр.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0