РУСДРАМ аескизқәа рыԥшаҳәа….
16:15 18.12.2022 (ирҿыцуп: 00:47 20.12.2022)
© Sputnik / Леон Адлейба Итоговый показ режиссерской лаборатории в РУСДРАМе
© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ имҩаԥнаго арежиссиортә лабораториа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Александр Островски ипиесақәа хԥа ирылху аескизқәа реихшьаала дырбара. Абарҭ рзы лгәаанагара дазааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Уажәшьҭа итрадициахеит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы арежиссиортә лабораториа иахылҵуа аескизқәа рымҩаԥгара. Абар уажәы иҳадгалоуп ҽааны 200 шықәса зхыҵуа аурыс драматург Николаи Островски ишедеврқәа ирылху арҿиамҭа маҷқәа - аескизқәа. Атеатртә ескизқәа мҩаԥысуеит Урыстәыла атеатрқәа реидгыла ацхыраарала.
Ԥхынҷкәын 17 асааҭ 16 рзы РУСДРАМ ашәқәа аатит. Ахәаԥшцәа рахь ицәырҵыз атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иӡыригеит алабораториа иабзоураны ахәаԥшцәа идырбахо аескизқәа рыӡбахә. Иара иажәақәа рыла, ԥшьымш ирҭагӡаны Урыстәылатәи арежиссиорцәа қәыԥшцәа Константин Денискин, Ирина Дриомова, Ксениа Самодурова атеатр актиорцәеи русеицура иахылҵуеит 40 минуҭ ирҭагӡоу атеатртә ескизқәа хԥа. Урҭ ҳара иҳарҭоит алшара иқәдыргылараны иҟоу аспектакль ахаҭабзиара агьама абара.
РУСДРАМ имҩаԥнаго арежиссиортә лабораториақәа зегьы срыхәаԥшхьеит. Инаҭозеи ахәаԥшҩы уи? Актәи - ауаҩы ибоит еиуиеиԥшым гьамала ихәыцу атетартә усумҭақәа, иҩбахаз - ҳара ҳазлыхәдаау атеатртә рҿиара ҿыцқәа рыԥшаҳәа ахԥшыларазы алшара ҳамоуп.
© Foto / RusdramРУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
РУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
© Foto / Rusdram
Зиубилеи рацәак ихарам Николаи Островски – инаунагӡатәиу адраматә рҿиамҭақәа аурыс культура иазынзыжьыз рҿиаҩуп. Иара дыклассикуп, ибызшәа аԥхьа инаргыланы аурыс ԥсабара, аурыс хәыцрақәа еидкыланы ицәажәо шәҟәыҩҩуп. Ажәакала, аклассик Островски иахьатәи атеатр аҿы изааҭгылара иамоуп ашәарҭарақәагьы. Инамыцхәны уацрасны аамҭа ҿыц ацәа ахоуҵаргьы ианымаалар ҟалоит, зынӡа аклассикатә традициақәа рымҩала унеиргьы, иахьатәи ахәаԥшҩы уи ашьҭкаара иҭахымхаргьы алшоит.
Араҟа арежиссиорцәа қәыԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылан имариам ахықәкы - Аԥснытәи ахәаԥшцәа ргәы акра, ажәытәи, аҿатәи еиҿыбааны атеатртә рҿиамҭа аԥҵара. Схатә гәаанагара сҳәозар - атеатр аҿы аклассикатә мҩеи аҿыц шәыгақәеи – рыҩбагьы сырзыразуп, амала аҿыцра мыцхәы иахмырҟьацәақәа ианыҟоу.
Русдрамаа иҳадыргалаз аӡынтәи атеатртә ескизқәа рҿы иалхуп Островски иҩымҭақәа хԥа – "Алафҳәаҩцәа" - ("Шутники" ареж. К. Денискин), "Ахаҵа ԥшӡа" ("Красавец мужчина" ареж. И. Дриомова), "Адыдмацәыс" ("Гроза" -ареж. К. Самодурова). Абарҭ аескизқәа рымҩаԥгарала Урыстәыла атеатр аусуҩцәа реидгыла аҿар ирнаҭоит алшара рҟазара аарԥшразы. Аетиудқәа рымҩаԥгара ахҳәаақәа рзиуан аҳәаанырцә аурыс театрқәа адгылара рыҭаразы ацентр анапхгаҩы Константин Горин. Иара убас, ҷыдала ааԥхьара иман атеатрҭҵааҩ Павел Руднев.
Иаҳбаз аескизқәа рылҵшәақәа атеатр ахаҭа иҳаланаҳәоит. Уажәшьҭа сырзыхынҳәуеит атеатр асценаҿы избаз арежиссиортә усумҭақәа. Иааидкыланы аескизқәа зегьы иҿыцу ацәаҩа рыхҵоуп сҳәар ауеит, иҟаӡам анкьа ҳзышьцылаз аклассикатә формақәа рыла инагӡоу Островски иҩымҭақәа. Аԥсны ари аклассик ипиесақәа асценаҿ излацәырымҵуа ала, даара хшыҩзышьҭра асҭон аԥсуа хәаԥшҩы иарбан театртә цәаҩоу идыргало.
Зегь реиҳа иџьасшьоз, абас аамҭа кьаҿк иалагӡаны арежиссиори актиорцәеи имариам ахҭысқәа иааинырсланы ҳадгалара ахьрылшаз ауп. Исҳәарц сылшоит аескизқәа рыхԥагьы аԥсуа хәаԥшҩы ицәыхарам темақәоуп ҳәа. "Алафҳәаҩцәа", "Ахаҵа ԥшӡа" - аӷари абеиеи, амал ашьҭазаареи, ацәыхацәыфареи рцәаҩа амазар, "Адыдмацәыс" абзиабареи аԥсҭазааратә ԥҟарақәеи реиҿагылара иазкуп. Арҭ зегь ҳдунеи иахьеи уахеи иргәылсуеит.
Раԥхьа иҳарбаз "Алафҳәаҩцәа" ақәыргылаҩ Денискин иазалихит амузыкатә-водевильтә стиль. Асцена иқәыз актиорцәа зегь инеибеиԥшны ашәаҳәаратә, акәашаратә ҟазарала иаадырԥшуан Островски ицәыригоз амал ашьҭазаара афилософиа алҵшәақәа аазырԥшуа аԥсҭазаара. Атеатрҭҵааҩ Руднев ишазгәеиҭаз еиԥш "ари асцена иалоу зегь қьачақьцәоуп". Қьачақьрала еилахәаахәҭуеит, қьачақьрала иԥҳацәа рхаҵацара ихәшьадуеит Џьамбул Жорданиа (Оброшенов).
© Sputnik / Леон Адлейба РУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
РУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
© Sputnik / Леон Адлейба
Островски иаамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа арҭ аҟазшьақәа адунеи ишалымҵыц шьақәдырӷәӷәоит алафҳәаҩцәа рдунеи назыгӡо русдрамаа рактиорцәа. Араҟа арежиссиор иалихыз имариоу аформа ззаҳҳәо, иаанарԥшуа адунеи зынӡагьы имариаӡам, аха иара иҽазишәеит иласу астиль ала, нҵәара зқәым аԥара ашьҭазаара, ауалҳәара, аҩсҭаара, аилахәаахәҭра уҳәа ирхаҿырбагоу аԥсҭазаара ҳадгалара. Егьырҭ аетиудқәа ирыҿсырԥшуазар, актиорцәа реилазаара ала, акыр еиҿкаан ари аескиз. Сгәанала ақәыргылаҩ дашьҭамлеит еиуеиԥшым асценографиатә, ма имодоу атеатртә елементқәа инамыцхәны аетиуд алагалара. Даараӡа издыруаз, аамҭак иҳацану ахаҿқәа збеит аетиуд санахәаԥшуаз. Амодельтә мотивқәа, дара актиорцәа ииашаны ралԥшаара алҵшәа бзиа инаҭеит арежиссиор ҳәа агәаангара сызцәырҵит.
Аҩбатәи аескиз "Ахаҵа ԥшӡа" аҿы арежиссиор Дриомова лакәзар, уи иахәаԥшуаз атеатрҭҵааҩ ишазгәеиҭаз еиԥш, "ароль хада анагӡаразы дадылгалеит акыр еиҿкаау, узеилаҳауа ахаҵа ԥшӡа" Осман Абыхәба. Сгәанала агхагьы ҟалымҵеит. Абыхәба иԥшӡара иаԥхьа инаргыланы аҳәса рдунеи далагьежьуеит, дара рыла аԥара арҳарагьы дашьҭоуп. Акыр иқәҿиаран актиор имонолог. Усҟан иара иԥшӡарагьы ихҟьаны аԥсыӡ аӡы зҵабаз деиԥшны ҳаԥхьа даагылоит. Акыр иԥшӡан асценаҿы аус зуаз алашара, адекорациа ахархәара мап ацәылкуеит араҟа арежиссиор. Ҳара иаҳбон ашәыгақәа – алашара, ахҭысқәа ахьымҩаԥысуа иаланхо ауаа реиҿкаашьа аԥхьа инаргыланы. Атеатр аҩнуҵҟа – атеатр шырҳәо еиԥш, актиорцәа ргәыԥ инанагӡоит ауаажәларра ауаҩы ианиқәыӷәӷәо шьақәзырӷәӷәо асиужет. Дара реилаҳәашьеи, рынеиааишьеи ианубаалоит акылԥш-кылӡырҩра иазҟазоу шракәу.
Сгәанала арежиссиор ахархәара алҭеит апантамимо ҳәа ззырҳәо, асценаҿ анеиааиратә хырхарҭа. Уи аетиуд ахы инаркны аҵыхәтәанынӡа ианубаалоит. Аманда Кәарацхьелиаԥҳа раԥхьатәи лцәырҵра мацара иаҳнарбоит, арежиссиор апластика абызшәа ахархәара амҩа дшанылаз. Аеитиудқәа реилыргара аамҭазы атеатрҭҵааҩ Руднев иазгәеиҭеит араҟа арежиссиор иалалгалаз акьанџьатә ҟазшьа змоу асценатә елементқәа – аԥҳәыс аԥсҭазаараҿы лҭагылазаашьа ишасимволу. Аԥара арҳара аҳаҭыраз, зыԥҳәыс лаҳаҭыр иаӷрагыло Осман Абыхәба инаигӡо ахаҵа ԥшӡа ироль, лара аԥҳәыс лхаҭа – (Аманда Кәарацхьелиаԥҳа), иаалыкәыршаны илыцклаԥшуа агәыла-азла уҳәа – араҟа аԥсҭазаара зегь акьанџьатә театр иаҩызоуп. Ирхаԥаны иҟоу аԥара азгәышьра еланарҩынтуеит рдунеи асцена иқәу аперсонажцәа.
Арҭ ақәыргыламҭақәа ахәшьара рыҭара ганкахьала изаацәоуп, избанзар, аетиудқәа қәырԥшыгоуп. Аха, ақәырԥшыгақәа ҳрылаԥшны ауп ишаҳбо арҿиамҭақәа анаҩстәи рлахьынҵақәа. Уажәшьҭа сазкылсыр сҭахуп зегь реиҳа сылаҿ иааиз, зықәыргылара еиҳагьы имариам, аурыс сценақәа рҿы инеиԥынкыланы зхатә позициа змоу 153 шыкәса зхыҵуа Островски идрама "Адыдмацәыс". Уи иазку аетиуд ҳадылгалеит арежиссиор Самодурова. Аԥҳәыс абзиабара иахҟьаны лыԥсҭазаара аилаҩынтра, иаалыкәыршаны иҟоу илҿагыло адунеи ахьанҭара уҳәа цәаҳәа хаданы иалдоуп Островски идрама. Ауаажәларра рылахь ацәцара злымшо Катерина илызку, ахатә биографиатә цәаҩақәа змоу ҳәа аҭҵааҩцәа иалыркаауа адрама "Адыдмацәыс" аҭыԥантәи ахәаԥшҩы тематикала еиҳагьы изааигәазар ҟалап, иара автор иԥсадгьыл аҿы иахьатәи аамҭазы урҭ аилкаарақәа еиҳа излаԥсасихьоу ала.
© Sputnik / Леон Адлейба РУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
РУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
© Sputnik / Леон Адлейба
Даҽакала исҳәозар, аԥҳәыс Катерина лҭоурых аҿы еиҳа гәызианрыла илзыҟоуп, традициала иџьбароу Кавказтәи атәылақәа рҿы аасҭа. Ганкахьала ҳара уи ҳмилаҭтә культура еиқәзырхо уасхыруп, даҽа ганкахьала Катерина ҳаԥсҭазаараҿ данцәырҵуа агәымбылџьбара инамыцхәны ианааҳарԥшуа ыҟоуп. Абри аескиз ахы шԥаркри, ишԥаҟалари ҳәа сышхәыцуаз, асценаҿы избеит зынӡа сыззыԥшымыз атеатртә композица. Араҟа арежиссиор Самодурова иалылхит ансамбльтә ҟазшьа змоу, еиқәароу, ихәаԥштәылоу аҟазшьақәа рыла иқәҵоу амизансценақәа. Раԥхьаӡа инаргыланы асцена ахы анакуа, арежиссиор иҳадылгалоит ихәмарраны иҟоу рдефилие, даҽакала иаҳҳәозар, актиорцәа рансамбль зегь ӡырылгоит. Дара иаҳдырбоит реиҿкаашьа, рынеиааишьа, иара убри ацәаҩа аманы, астиль еламгаӡакәа аетиуд ахы инаркны аҵыхәтәанынӡа инарыгӡоит.
Сызхәаԥшыз аетиудқәа зегь рҿеиԥш, араҟагьы арежиссиор дашьҭамлеит асценатә маҭәахәқәа рыла аспектакль аҩычара. Аус руеит - маҭәа еиқәала еилаҳәоу актиорцәа рансамбль, иара убас ахәаԥштәы аазышьҭуа атеатртә софитқәа ирхылҵуа алашара. Егьырахь, зегь актиортә ансамбль инанагӡоит. Сахьтәаз схәыцуан, аклассикатә ҩымҭа ҳаамҭахь ииаугозар, абас иҟауҵар илҵшәахоит ҳәа. Самодурова лусумҭа егьырҭ излареиԥшым, иаарԥшу адрама коллективтә кәашаратә нагӡаразшәа атеатртә чықьмаџьа иҭартәоуп. Акыр слелаҳаит Катерина лроль назыгӡоз Милана Ломиаԥҳа. Араҟа лара иахьатәи хаҿсахьоуп, аха даҽа ганкахьала ҳара ҳаԥхьа имҩасхьоу аҳәсагьы дреиԥшнысшьалоит. Дагьҳзааигәоуп, дагьҳцәыхароуп. Аетиуд аҿы адрама анҵәамҭа зынӡагьы иаламкьысит, ҳара иаҳдырбоз ахҭысқәа – аҩнаҭаҿы Катерина лҭагылазаашьеи, егьырҭ аамҭа илыцану ахаҿқәеи ргәаҳәарақәеи роуп.
© Foto / RusdramРУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
РУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара
© Foto / Rusdram
Рацәак асценаҿы аус шимуазгьы Кирилл Шишкин (Тихон) – аҷқәын ҳәатәхаҵаҩ исахьа аҭыхра дахьӡеит. Ирина Делба ан "Кабаниха" лроль аҿы даара иџьбараз, даара иаҳзааигәоу хаҿсахьаны даарԥшуп. Имыцхәым, аха иџьбароу асценатә ԥсабара азылыԥшааит Делба игәымбылџьбароу Кабаниха лсахьа аҭыхраҿы.
"Адыдмацәыс" аетиуд аилыргараан ахәаԥшцәа рыбжьара аимак-аиҿак цәырҵит. Иҟан изауз агәаанагара аклассика ас иқәургылар ҟалом ҳәа. Иазгәасҭарц сҭахуп акритика рыҭра ишыҭнамырҟьоз иааз асасцәеи арежиссиорцәеи. Атеатртә критик Руднев даара иқәҿиароу усумҭаны иаликааит ари адрама ацыԥҵәаха. Ас Островски иҩымҭа ҳаамҭазы ақәҿиара аиур шалшо азы игәаанагара иҳәеит.
Арежиссиортә лабораториа аицлабратә ҟазшьа амоуп. Уаҟа иалкаахо арежиссиор иусумҭа, ҽааны Островски диижьҭеи 200-шықәса аҵразы РУСДРАМ асценаҿы инагӡоу спектакльны ицәырҵуеит. Ахәаԥшцәа рыбжьы арҭон иргәаԥхаз аетиуд. Саргьы исгәаԥхаз, еиҳа сзыршанхаз "Адыдмацәыс" сыбжьы асҭеит. Атеатр аиааира згаз анҳаланаҳәалакгьы еилкаахоит, ахәаԥшҩы лаҳасабла схәыцрақәеи сгьамеи аӡбаҩцәа ирыхәшьадуеи еишьашәалоу еицәыхароу…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.