Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Анапаҵаҩра
1992 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны АССР КГБ ахьӡ ԥсахын Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи аусбарҭа аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ихьанҭаз аамҭақәа рзы иаԥҵаз аусбарҭа аҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкқәа ҳаракыла инанагӡоит. Иахьатәи аамҭазы шәусура атәыла ашәарҭадара ахьчара иазырхоуп, уи иабзоураны ҳтәылауааи ҳасасцәеи ҳҳәынҭқарраҟны ишыхьчо рныруеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, АШәМ аусзуҩцәа иаадырԥшуа рҟазареи, ргәымшәареи, рфырхаҵареи, инаҵшьны иазгәеиҭеит, аусбарҭа аветеранцәа аҿарацәа рԥышәа шрымардо.
Арыцхә Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Роберт Киут идиныҳәалеит Аԥсны Жәлар реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба.
"Аԥсадгьыл амаҵ аура-шәыԥсҭазаароуп. Аусбарҭа аветеранцәеи иахьа аус зуа аусзуҩцәеи рнапынҵақәа ламысцқьала рынагӡаразы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - иҳәеит иара.
Лаша Ашәба АШәМ аусзуҩцәа агәабзиареи аманшәалареи рзеиӷьеишьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0