Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада ареспубликаҿ асезонтә еимҳәа шалаҵәо атәы еиҭалҳәеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛекарственные препараты и градусник для измерения температуры
Лекарственные препараты и градусник для измерения температуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵа ҟарҵеит 2458-ҩык.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева ареспубликаҿ асезонтә еимҳәа шалаҵәо атәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
"Иахьатәи ала алабораториатә ҭҵаарақәа ишьақәдырӷәӷәахьеит 278 хҭыс – аимҳәа А, урҭ рҟынтәи 22 хәыҷқәоуп. Ииасыз амчыбжь азы ахьҭа ӷәӷәа рылаланы ахәыҷтәы хәшәтәырҭеи, ахәыҷтәы поликлиникеи, аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи рахь иадҵаалеит 815-ҩык", - лҳәеит лара.
Сынтәа, асезонтә еимҳәа еиҳа заа ахы цәырнагеит ҳәа лҳәеит Белиаева.
"Аиҳарак аимҳәа ажьырныҳәа абжара ма анҵәамҭа рзы ицәырҵуан. Сынтәа абҵарамзазы иаҳԥыло иалагеит. Ичмазаҩхаз рхыԥхьаӡарала макьаназ еиҳау еиҵоу ҳәа акгьы ҳазҳәом. Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿгьы иара убасҵәҟьоуп ишыҟоу, уи иаанаго уахьынтәи аимҳәа аанагоит ауп", - лҳәеит Белиаева.
Белиаева иара убасгьы илҳәеит Аԥсны алаҵаҟаҵара мҽхакыҭбаала иахьымҩаԥымсуа иахҟьаны аколлективтә иммунитет ашьақәыргылара залшом.
Вакцинация от Covid-19 в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Аԥсны
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит аимҳәазы алаҵаҟаҵара шцо
"Аколлективтә иммунитет шьақәгылоит 50 - 70% ауааԥсыра алаҵа аныҟарҵалак ашьҭахь. Ҩ-нызқьи бжаки алаҵа ҟазҵаз процент заҵәык роуп иҟоу. Ари коллективтә иммунитетуп узҳәом", - лҳәеит лара.
Зынӡа Аԥсныҟа иааган х-нызқь цыра "Ваксигрипп Тетра". Алаҵаҟаҵара алшоит араионтә хәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада. Алаҵа адуцәа реиԥш, ахәыҷқәагьы ирзыҟарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0