Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Луганскҟа инаргеит Аԥснытәи амандаринақәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҵакыраҿы аидара амҩангараҿ ацхыраара ҟарҵеит ауаажәларратә еиҿкаара "Агвардиа ҿа" аволонтиорцәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа 20 тонна амандарина Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь инаргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ацитрус шәырқәа ахәыҷқәа ирзыршоит Ашықәс ҿыц аламҭалаз.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз агуманитартә колонна Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҟынтә амҩа иқәлеит ԥхынҷкәын 16 рзы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь. Аԥсны ауааԥсыра шә-тоннак амандарина еидыркылеит ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы.
Донбасстәи ахәыҷқәа рзы амандарина аизгараз Аԥсны араионқәа зегь рыҟны аҭыԥқәа аартын ԥхынҷкәын 5 инаркны. Аԥсны ауааԥсыра алшара рыман ашықәсҿыцтәи аныҳәаз урыстәылатәи арегион ҿыцқәа иқәынхо рзы аҳамҭа аҟаҵара.
Абхазия отправила сто тонн мандаринов на Донбасс - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2022
Аԥсны
Аԥсны шә-тоннак амандарина урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рышҟа идәықәнаҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0