Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа агрипп чымазаразы: ахәшәтәырҭаҿы ҭаацәаныла иаҳзышьҭоуп

Занҭариа агрипп чымазаразы: ахәышәтәырҭаҿы ҭаацәаныла иаҳзышьҭоуп
Анапаҵаҩра
Аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Дамеи Занҭариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит агрипп азы аҭагылазаашьа зеиԥшроуи, уи иацу ашәарҭареи ртәы.
Ари агрипп иҷыдоу ҟазшьарбаны иамоуп ашоура ҳаракы -39-40 рҟынӡа, мышкы-ҩымш ианымтәоугьы ыҟоуп, нас аимҳәахьы ииасуеит иҳәеит Занҭариа ицәажәараҿы.
"Ахәшәтәырҭаҿы хәба-фба ҭаацәара шьҭоуп. Ас еиԥш аҭагылазашьа иаҳхысыз амзазы ишьақәгылаз ауп. Сынтәа агрипп чымазара иаҳа ирлас иааит, ашықәс ҿыц аламҭалаз иалагалон. Иара уи адагьы, иуадаҩны ирхыргоит ахәыҷқәагьы адуцәагьы. Ианааамҭоу аҽыхәшәтәра уалагар, угәы бзиахоит", - иҳәеит Занҭариа.
Агрипп аҟынтә апрофилактика зегьы иреиӷьуп, аха уажәазы згәабзиара уашәшәыроу ауаҩы асабрада ихазароуп, ҳәа азгәеиҭеит аҳақьым.
"Ичмазаҩхаз ишоура ҳаракызар, ҩымш рышьҭахь ахәшәтәырҭахь днеироуп. Аҩны аҽыхәшәтәра кыраамҭа иаԥсам, избанзар ачымазара агәаҵәыхь ахь ииасуеит", - иҳәеит Занҭариа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0