Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа литература аклассикцәа р-Аллеиа аадыртит

© Sputnik / Асмат Цвижба Во дворе Национальной библиотеки Абхазии открыли аллею первой плеяды абхазских писателей
Во дворе Национальной библиотеки Абхазии открыли аллею первой плеяды абхазских писателей  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә библиотека ахыбра ааигәара ашәҟәыҩҩцәа Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Мушьни Ҳашба, Иван Папасқьыр рыхьӡала ааҵлақәа еиҭарҳаит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа литература аклассикцәа р-Аллеиа аартра мҩаԥысит Амилаҭтә библиотека ашҭаҿы ԥхынҷкәын 22 рзы.
Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа иҳәеит раԥхьа иргыланы аҵлақәа реиҭаҳара шыӡбаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашьаҭаркыҩцәа рыхьӡала, аллеиа аартрагьы шазгәаҭаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр диижьҭеи 120-шықәса аҵра инамаданы.
Ҷолариа иҳәеит Папасқьыр ирҿиамҭақәа ажәлар ишрылаҵәоу, бзиа ишеицырбо. Ирҿиара ҭҵаалатәуп, аҭҵаарадырратә шьаҭала анализ рыҭалатәуп иҳәеит иара.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу иҳәеит аллеиа ареспубликаҿ алитературатә ҵакы змоу ҭыԥны ишыҟало, гәахәарыла аҭыԥантәиқәа реиԥш арахь иаауагьы шаҭаало.
Амилаҭтә библиотекеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи аллеиа аԥхьаҟа ихадырҭәаалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0