Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив иаҭоуп ацифрахь ииагоу Николаи II инапҩымҭа ахаҭа

© Sputnik / Сария КварацхелияОцифрованный оригинал рукописи Николая II передали в Государственный архив Абхазии
Оцифрованный оригинал рукописи Николая II передали в Государственный архив Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2022
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҿар рҭоурыхтә форум "Аҭоурыхи архивқәеи: аҳәынҭқаррабжьаратә шәара" еиҿнакааз аконференциа “Атәыла аҭоурых-документалтә ҭынха аиқәырхара амилаҭтә интересқәа ршәарҭадара ахьчоит" мҩаԥысит ԥхынҷкәын 22 рзы Аԥсны ААР амедиацентр аҟны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Урыстәыла аҳәынҭқар иҭаацәеи иареи Гагра 1912 шықәсазы рыҟазаара иазку, ацифрахь ииагоу Николаи II имшынҵаҟынтәи инапҩымҭа ахаҭа Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив иаҭоуп.
"Лаҵара 16, ахаша. Асааҭ хәба жәохәҟа минуҭ шагыз Новороссиск афельдиегерь ақьаадқәа иҭаны аӷба дылбааҳашьҭит. Ҳара аԥшаҳәа иаваршәны ҳҿынаҳхеит… Асааҭ 9 рзы сгылеит. Шьыжьхьанӡеи шьыжьхьа ашьҭахьи ҳазвысуаз асахьақәа срыхәаԥшуан. Аԥсҭҳәақәа ахара ашьхақәа хырҩон. Амш бзиан. Иԥхарран. Асааҭ 3 рзы Гагра аԥырсал лаҳашьҭит. Алекс (Александр Ольденбургски) ашхәала даҳԥыларц дааит. Иара, сара, Ольга, Татиана, Мари аҟәарахьы ҳицылбааит. Асқьалаҿы иаҳԥылеит Евгениа (апринц Ольденбургски иԥшәмаԥҳәыс Евгениа Романовскаиа), аҳаҭыртә ҟаруыл, адепутатцәа, аҵаҩцәа. Урҭ аԥсшәа раҳәаны ажәытә бааш ауахәамахь снеит, анаҩс рыҩныҟа ҳцеит. Ачаи анаажә ашьҭахь апарк ԥшӡа сҭысны ажәлар рныҳәахь снеит. Ара зегь даара еиҿкаан. Асааҭ 6 рзы аиахтахь ҳаиҭахынҳәит. Асааҭ 6.30 рзы аԥырсал шьҭыхны Иалтаҟа амҩа ҳақәлеит. Амшын акыр иҭынчуп. Гагра иқәашырпыҟҟон. Асааҭ ааба рзы шьыбжьхьа ҳфеит, маҷк адомино ҳахәмарит", - ҳәа иҩуан аҵыхәтәантәи урыстәылатәи аимператор.
Аҭоурыхтә форум алахәылацәа ироуит Урыстәыла Аҳәынҭархив афонд аҟынтәи адокумент №601. Адокумент раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иаагоуп. Аҳәынҭархив адиректор Роман Ӷәынџьиа ари ахҭыс акраҵанакуеит ҳәа иҳәеит.
"Ҳара зегьы афотосахьақәа рыла иаадыруеит Николаи II Аԥсны дшыҟаз, аха уи шьақәзырӷәӷәо документк ҳамамызт. Ари раԥхьатәи документуп. Ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит имҩаԥгоу аусура ду азы", - ҳәа иҳәеит Ӷәынџьиа.
Ацифрахь ииагоу Николаи II инапҩымҭа ахаҭа Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив, Апарламент, Ашәарҭадаратә маҵзура, Гагра араион ахадара ирыҭоуп. Афорум аҳәаақәҵаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Милана Бжьаниаԥҳа иазгәалҭеит афорум хықәкыс ишамоу аибашьраан иӡыз Аԥсны аҭоурых-документалтә ҭынха аиҭашьақәыргылара.
Архивные документы - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2022
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны архив ашьақәыргылара иацхраауеит
"Ахыҵхырҭақәа рыҟамзаара аҭоурых фактқәа еицаркуеит. Аршаҳаҭгатә документқәа рыҟамзаара иахҟьаны уи аҿаԥҽра залшом. Ари амилаҭтә интиресқәа рыхьчара аруадаҩуеит", - лҳәеит Бжьаниаԥҳа.
Бжьаниаԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны аинтересқәа рыхьчараҿы ицхыраагӡахоит еиуеиԥшым атәылақәа рархивқәа рҿы иҟоу аҭоурыхтә документқәа.
Лара илҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рархивистцәа рыбжьара аимадарақәа шышьақәгылаз. Урыстәылатәи рколлегацәа аԥснытәи аҵарауаа ирыцхраауеит Аԥсны иадҳәалоу адокументқәа раарԥшраҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0