Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷтәы миузикл "Анашанатә глобус" Аԥсуа драмтеатр аҿы иддырбоит

© SputnikАбхазский драмтеатр
Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2022
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны амиузикл аԥхьарбара мҩаԥысит 2019 шықәса рзы РУСДРАМ аҿы, уи ахәаԥшцәа рацәаны иаднаԥхьалеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәыҷтәы музыкатә студиа "Next" иқәнаргылаз амиузикл ду "Анашанатә глобус" мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсуа драматә театр аҿы ажьырныҳәа 7-8 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит астудиа анапхгаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит астудиа аашықәса раахыс аус шауа, уи ишалахәу Аԥсны ақалақьқәа рҟынтәи абаҩхатәра злоу ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи.

"Сынтәа ҳара ҳхәыҷқәа ҳаргәырӷьарц ҳҭаххеит амиузикл ду "Анашанатә глобус" ала. Ахәаԥшцәа алшара роуеит алакәқәеи амультфильмқәеи рҽыргәылархаларц", – лҳәеит Мархолиаԥҳа.

Раԥхьаӡа акәны амиузикл аԥхьарбара мҩаԥысит 2019 шықәса рзы РУСДРАМ аҿы, уи ахәаԥшцәа рацәаны иаднаԥхьалеит. Усҟан ргәы иҭан рықәгылара ҭыхны телехәаԥшрала идәықәырҵарц.
Мархолиаԥҳа лажәақәа рыла, сынтәа амиузикл аҭыхрақәа мҩаԥысроуп.
"Ҳара даара иаҳҭахуп ахәаԥшҩы игәаԥхарц. Ҳхы-ҳаԥсы аҵаҵаны аџьабаа адаҳбалеит, амиузикл афырхацәа зегьы, ақәыргыламҭақәа гәыкԥсыкала ҳарзыҟоуп. Ари аҭоурых иарбанзаалак аҭаацәа, ахәыҷқәа ирзааигәоуп, абзиара, анашана агәра зго ирызкуп", - лҳәеит лара.
Амиузикл иалахәуп 25-ҩык ахәыҷқәа, акомпозициа иалоуп зегьы еицырдыруа, бзиа еицырбо амультфильмқәа рфырхацәа - "Брементәи амузыкантцәа", "Буратино", "Хылԥа ҟаԥшь", "Рапунцель", "Ҷышәшәына", "Агәымшәа", "Агәы хьшәашәа", "Жасмини Алладини", "Моана", урҭ зегьы сиужеттә цәаҳәак иалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0