Алада Уаԥстәыла: Қырҭтәыла агрессиазы иҟарҵаз аусҭҵаара алҵшәақәа ухахьы иузаагом

© AFP 2023 / MIKHAIL MORDASOVЮжная Осетия. Архивное фото.
Южная Осетия. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2022
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ашьаустә ӡбарҭа иахәаԥшит Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иаҿагыланы 2008 шықәсазы имҩаԥнагаз арратә агрессиазы ашьаус.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Алада Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ухахьы иузаагом ҳәа ахырҳәааит Қырҭтәыла ареспублика иаҿагыланы 2008 шықәсазы имҩаԥнагаз арратә агрессиазы ашьаус иахәаԥшны Жәларбжьаратәи ашьаустә ӡбарҭа иҟанаҵаз алкаа, абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭ апресс-маҵзура.
Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Жәларбжьаратәи ашьаустә ӡбарҭа ирызхьамԥшӡеит қырҭтәылатәи аруаа абџьар зкымыз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа, ақырҭуа-ауаԥс еимак аҿы зуалԥшьақәа назыгӡоз аҭынчреиқәырхаратә контингент рганахьала хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥыргаз документла ишьақәырӷәӷәоу арратә цәгьоурақәа рфактқәа.
"Абас ала Жәларбжьаратәи ашьаустә ӡбарҭа ганк ишаднацәыло еилыкка иубарҭоуп: урҭ профессионалрада имҩаԥыргаз зылкаа ухахьы иузаамго ашьаусҭҵаарала европатәи азинӡбара асистема ҵыршәааит", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Ашьаусԥшааҩцәа иара убас ирымԥшааӡеит аҭынч уааԥсыра ықәызхуаз абџьар рхы ишадырхәоз аршаҳаҭгақәа, урҭ уи азы ахара рыдырҵеит изқәылаз аган.
"Еилыкка иубарҭоуп Жәларбжьаратәи ашьаустә ӡбарҭа агәгьы ишҭамыз иҟаҵәҟьаз аҭҵаара, Аахыҵ Уаԥстәыла уи ишақәгәыӷуазгьы. Обиективла 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа рыҭҵаара аҭыԥан аԥхьанатә ирыдгалаз ауаԥсцәа ирҿагылаз амҩа иаразнак ианылеит", - ҳәа рыԥхьаӡоит Аахыҵ Уаԥстәыла ААР аҿы.
Нанҳәа 8 ауха Қырҭтәыла архәҭақәа ашьыжь шаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла иалахысуа иалагеит. Уи иахҟьаны Цхинвал иҟоу аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа рыштаб аҵакыраҿы игылаз аргыларақәа жәпакы еилаԥыххаан. Иблын Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахыбра, еилаԥыххаан аиҳабыратә хыбрақәа, иблын аиланхарҭақәеи егьырҭ ақалақь аргыларақәеи, иҭархан шәҩыла аҭынч уааԥсыра. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа рыхьчаразы, зеиҳараҩык Урыстәыла атәылауаҩра змоу, ареспублика архәҭақәа аланагалеит, хәымш ицоз аибашьра ашьҭахь урҭ ирылшеит ақырҭуа арбџьармчқәа арегион ралцара.
Ажәабжьқәа зегьы
0