Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳақьым агрипп ахҟьаԥҟьақәа рзы: агәоуп ааха зауа

Аҳақьым агрипп ахҟьаԥҟьақәа рзы: агәоуп ааха зауа
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аепидемиологцәа излаарыцҳауа ала, иахьазы иалаҵәоу асезонтә грипп ааха рнаҭоит агәи арԥҳақәеи. Убасгьы лассы-лассы иуԥылоит агриппозтә пневмониа. Уи иаабац агәыҵәкра излеиԥшми, насгьы ас еиԥш иҟоу ахҟьаԥҟьақәа Аԥсны иаҳԥылома уҳәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Агрипп зыхьуа раԥхьаӡа иргыланы ирзыннажьуеит агәыҵәкра, агәаҵәыхь рыхьны иаҳзышьҭоу ыҟоуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Арҷелиаԥҳа.
"Аковид уаанӡа изхызгаз, нас агрипп ззацлаз, убарҭ ргәоуп еиҳарак ирыхьуа. Агрипп иахҟьаны агәы аӡы аанахәар ҟалоит, ахьҭа алалар ҟалоит. Шықәсык еиҳаны иҵуеит аковид ҳалҵит ҳәа иҳаԥхьаӡоижьҭеи, аха абыржәоуп уи ирзыннажьыз ачымазарақәа ртәы аҳәара анҳалшо. Аҭҵаарақәа ҳарҿуп. Макьана излаабо ала, уаанӡа арԥҳақәа рҿы ачымазарақәа рышьҭахь ахәрақәа ыҟазҭгьы, уажәы агәаҿы ус еиԥш иаабоит", - ҳәа еиҭалҳәеит аҳақьым.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0