Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа урыстәылатәи аԥсуа наплакҩцәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра ахадеи урыстәылатәи аԥсуа наплакҩцәа рхаҭарнакцәеи реиԥалара мҩаԥысит Москва Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҿы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи аԥсуа наплакҩцәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аҳәынҭқарра ахада еиҭеиҳәеит аиҳабыра имҩаԥырго аусқәа аекономика ахырхарҭалеи хра злоу аполитикатә амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу азҵаарақәеи.
Аиԥылараҿы иалацәажәеит:
Аԥсны аекономика адәныҟатәи аинвесторцәа радԥхьалара,
апартаментқәа азинмчратә ҭышәнартәалара аҩаӡара ахымԥадатәра,
аелектроенергиатә нхамҩа иамоу ауадаҩрақәа ртәы.
Аганқәа Аԥсны инеиҵыху астол гьежь амҩаԥгара азгәарҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0