Амузыкатә лакә: "Алые паруса" РУСДРАМ аҟны
Аурыс драматә театр аҟны имҩаԥысит ашықәсҿыцазтәи аспектакль "Алые паруса" аԥхьарбара.

Александр Грин иповест ала иқәыргылоу амузыкатә лакә "Алые паруса" режиссиорс дамоуп Џьамбул Жорданиа.

Аспектакль афырхаҵа хада Ассоль лроль налыгӡоит ахәаԥшцәа зыбжьы хаала ихызхуа, актриса Лоида Ҭырқьба.

"Алые паруса" аныҳәатә гәалаҟазаара узҭо, алакә ԥсҭазаара уагәылазырхало спектакльуп.

Мадлена Барцыцԥҳа ахәаԥшцәа рхы-ргәаҿы даанхартә еиԥш акыр ахаҿсахьақәа налыгӡоит.

Аспектакль ахәыҷқәа ишрызкугьы адуцәагь аднахалоит.

"Алые паруса" – ари анашана гәрагареи хымԥада агәазыҳәарақәа рынагӡареи ирызку хҭысуп.

Лоида Ҭырқьба ароль хада даара данаалеит.

Акаԥдан Артур Греи ироль наигӡоит Мурад Халимбеков.

Ари аспектакль аҟны Осман Абыхәба арацәаҵхҩы ироль наигӡоит.

Ахәаԥшцәа ашықәсҿыцаз ирызԥшуп агәахәара
рызҭо, ԥшшәы рацәала еилаԥсоу акостиумқәа, акәашареи ашәаҳәареи рыла ишьақәгылоу аспектакль.

Аныҳәақәа ирылагаанӡа аспектакль ахәаԥшраз алшара ыҟоуп, иара мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмза 27 инаркны 30 рҟынӡа.

Грин иҩымҭаҿы ус еиԥш иҟаӡам, аха ашықәсҿыцазтәи аспектакль Аҵаа Бабаду ида изымҩаԥысуам.

Аҳәыԥшцәа хәыҷкәа асценаҿ имҩаԥысуаз ахҭыс рҽагәыларханы иахәаԥшуан.