Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

50-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа 2022 шықәсазы афонд "Ашана" ацхыраара рнаҭеит

© Foto / Светлана ВардаКопилка добра
Копилка добра - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса аҩнуҵҟа ахәыҷқәа рыхәшәтәразы афонд “Ашана” 15 миллион мааҭ еизганы 50-ҩык ацхыраара рнаҭеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ашықәс иалагазар 50-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа афонд "Ашана" ацхыраара рнаҭеит.
Афонд аҿиаразы аменеџьер Сабина Зыхәԥҳа лажәақәа рыла ашықәс ахҭысқәа беиан агәыҳалалратә ҭоурыхқәеи акциақәеи рыла.
Зыхәԥҳа илҳәеит 2022 шықәса аҩнуҵҟа ахәыҷқәа рыхәшәтәразы афонд “Ашана” 15 миллион мааҭ еизганы 50-ҩык ацхыраара шырнаҭаз.11 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны ариаҟара шеизгоу. Аԥарақәа зегьы ахәыҷқәа рыхәшәтәраз ишынашьҭу.
Ииасуа ашықәс азы афонд есышықәсатәи акциақәа реиԥш аҿыцқәагьы еиҿнакааит. Убас, Агәабзиарахьчара аминистрраҟны аусура иалагеит апроект "Згәы бзиоу абиԥара", уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылантәи Ермантәылантәи ареспубликахь иааԥхьан ахәыҷқәа хәыда-ԥсада ргәабзиара ҭызҵаауаз аҟазауаа.
“ 400 инареиҳаны аконсультациақәеи УЗИ-гәаҭарақәеи мҩаԥган. Иара убасгьы иааԥхьан анеирореабилитациатә центр "Импульс" аҟазауаа. Ашықәс хыркәшахоит акциа "Уҵаа бабадуха" ала. Мышқәак рыҩнуҵҟала еизган ахәыҷқәа рзы аҳамҭақәа. Адгылара ҟазҵаз зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - ҳәа лҳәеит Зыхәԥҳа.
Итоги новогодней акции Ашана-цла благотворительных фондов Ашана, Киараз и культурно-деловой площадки Гума подвели 26 декабря. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Аԥсны
Дасу игәазыҳәара аниоуа: "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ргәыхәтәқәа нарыгӡеит
Абизнесуаҩ Беслан Шьакаиа иеиҿикааз икоммерциатәым акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку, фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит, аԥсуа культура аиқәырхара иацхраауеит.
Афонд "Ашана" ахықәкы хаданы иҟоу Урыстәылеи аҳәаанырцәи иҟоу иреиӷьу ахәшәтәырҭақәа рахь ичмазҩцәоу ахәыҷқәа рышьҭра ацхраароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0