Запорожтәи аобласт аҟны агривенқәа амааҭ ала аԥсахра ахыркәшарахь инеит

© Fotolia / Alexandr BlinovРоссийские рубли
Российские рубли - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Анапаҵаҩра
Иахьазы Запорожтәи аобласт аҟны агривен амааҭ ахь акурс 1,25 ҳәа ишьақәыргылоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Запорожтәи аобласт аҟны агривенқәа амааҭ ала рыԥсахра алшоит 2023 шықәса мшаԥы 1 аҟынӡа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аобласт аиҳабыра рхада Антон Кольцов иажәақәа шьаҭас иганы.

Ашықәс ишалагалак аобласт аҿы ашәарақәа гривенла рымҩаԥгара азин ҟалом, амааҭ ахь ииасуеит. Аха арегион ауааԥсыра аҽа хымз рымоуп рмазарақәа амааҭ ахь риагаразы.

"Рыԥсахра ҟалоит абанкнотақәа реиԥш аԥараҿырпқәагьы. Ахатәхаҿқәа 2023 шықәса мшаԥы 1 аҟынӡа ԥкрада аԥараԥсахра азин рымоуп", - ҳәа иҳәеит Кольцов.
Аиурист хаҿқәа анаплакҩцәеи рзы аус адулоуп аҽа схемак – дара ажьырныҳәа 31 аҟынӡа агривенқәа рыла ироуаз рхашәала акт ҷыдақәа аздырхиар ауп, абанкқәа рахьгьы инанагар ауп ажьырныҳәа 20 рҟынӡа.
Кольцов иара убасгьы иҳәеит аԥкрақәа шыҟамло аиҿкаарақәа рзы.
Украина арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь урыстәылатәи аруаа Запорожиеи Херсони аобластқәа рнапаҵаҟа иҟалеит. Арегионқәа рҿы еиҿкаауп арра-граждантә хадарақәа, аусура иалагеит урыстәылатәи амааҭ, урыстәылатәи ателеканалқәеи арадиои.
Цәыббра 23 - 27 рзы Донецки Лугански ареспубликақәа, Херсони Запорожиеи аобластқәа рҿы имҩаԥысит ареферендумқәа. Урҭ рҟны арҭ арегионқәа руааԥсыра Урыстәыла иадларц рыбжьы рҭиит. Арегионқәа рхадацәеи Владимир Путини цәыббра 30 рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит урҭ аҵакырақәа Урыстәыла Афедерациа ишалало азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0