Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала

© Sputnik / Томас Тхайцук Заседание в парламенте 29-12-2022
Заседание в парламенте 29-12-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аилатәараҟны 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аднакылеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа -12,512 миллиард мааҭ
Аҳәынҭбиуџьет аныхрақәа - 14,188 миллиард мааҭ ҳәа.
Аҳәынҭбиуџьет адефицит 1,676 миллиард.
Ареспубликатә биуџьет азеиԥш хашәала 9,622 миллиард мааҭ ыҟоуп.
Уи аҟынтә Урыстәылатәи афинанстә цхыраара:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы – 3,734 миллиард мааҭ,
Аинвестпрограммала ацхыраара - 1,215 миллиард мааҭ,
2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз аҳәынҭқарратә цхыраара - 180 миллион мааҭ,
2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аныхрақәа рзеиԥш хышәаҵышәа 11,298 миллиард мааҭ ҳәа иазгәаҭоуп.
Ареспубликатә биуџьет адефицит - 1,676 миллиард мааҭ.
Адокумент инақәыршәаны ишьақәарӷәӷәоуп акредитқәа рзы ареспубликатәи аҩнуҵҟатәи ауал хыхьтәи аҩаӡара 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 азы 800 нызқь мааҭ ҳәа; адәныҟатәи ауал – 1, 107 миллиард мааҭ ҳәа; 2023 шықәсазы ареспубликатәи аҩнуҵҟатәи аԥсахрақәа –800 нызқь мааҭ ҳәа.
Ахашәалатә хәҭаҟны ахашәалақәа еизырҳауп:
30 млн. м. - Аԥсныҟа иаарго атауарқәа ирықәырҵо НДС аҟынтә
20 млн. м. – акциз зқәырҵо атауарқәа ракцизтә лагала
50 млн. м. - Аԥсны ирҭиуа атауарқәа ирықәырҵо НДС аҟынтә
43 млн. м. – аҳазатә шәарақәа рҟынтәи алагалақәа
40 млн. м. – ареспубликатә мазара арендала ма аҽакала аҭаразы
76 млн. м. – аҳәынҭмазара ахатәтәразы ахашәалақәа
30 млнм.м. – аӡытәи абиологиатәи ресурсқәа рхархәараан ашәарақәа.
Аныхратә хәҭа еизырҳауп:
164 млн.м. – амилаҭтәхьчара аԥаразоужьра
100 млн.м. – бџьарлеи техникалеи аиқәыршәара
64 млн.м.- Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭахра
50 млн.м. - "Амшынеиқәафымцамч" аҭаҩгақәа раахәара.
700 000 м. аспорттә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара иазырхахоит.
Миллион мааҭ азырхахоит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа Реиҭашьақәыргыларатә центр ацхыраара.
30 млн.м. рыла еизырҳауп Аҟәа араион абиуџьетбжьаратә трансферт.
21 млн.м. азырхахоит Тҟәарчал араион апарк арҽеира.
27 млн.м. аҭахоит Аҟәа ақалақь.
32, 235 млн.м. Аԥсны Апарламент аныҟәгара иазырхахоит.
350 миллион Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаҿы ишәарҭоу 100 уадак змоу аҩны аҟынтәи ауаа риагара иазшәахоит ҳәа иҟаз апроект актәи авариант еиҭакуп – 330 миллион мааҭ ҳәа.
10 млн.м. Аԥсны аӡбарҭақәа русура иазынашьҭхоит.
Аныхратә хәҭа иалгахоит 56 млн.м. Гәдоуҭатәи атрубаҭыжьырҭа зауад аргылараантәи ахарџьқәа рхарҭәааз.
Ажәабжьқәа зегьы
0