Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Москва иҟоу Аԥсны ацҳаржәҳәарҭа аусура атәы

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Москва иҟоу Аԥсны ацҳаржәҳәарҭа аусура атәы
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаржәҳәарҭеи, иааидкыланы Москва иҟоу аԥсуа диаспореи рзы иҳаҩсуа ашықәс зеиԥшраз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Абзагә Ҵәыџьба.
Ашықәс ахыркәшамҭаз аихшьаалақәа ираамҭоуп, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны ашықәс зеиԥшраз еилаҳкаауеит, инагӡоу аусқәеи, иааиуа ашықәсазтәи апланқәеи ҳдырдыруеит.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Абзагә Ҵәыџьба иажәақәа рыла, ацҳаражәҳәарҭа иарку усбарҭоуп, иаартны ҳусқәа зегьы ҳрылацәажәартә ҳаҟам, аха ашықәс аҩныҵҟа иҟоуп аихьӡарақәа, ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба арадиоефир аҿы. Иара еиқәыиԥхьаӡеит, иарбан хырхарҭақәоу ацҳәаражәҳәарҭа аусраҿы иалкааз.
"Аинформациатә-медиатә система еиӷьтәын, Урыстәыла иқәынхо рзы Аԥсны аекономикатә лшара ӡырган, ааигәатәи харатәи аҳәаанырцәтәи атәылақәа аимадарақәа рыбжьаҵара азгәаҭан, ҳтәылауаа еиуеиԥшым рызҵаарақәа рыӡбараҿы адгылара рыҭан", - иҳәеит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Абзагә Ҵәыџьба ахҳәаа аиҭеит ҿыц еиҿкаау аиҿцәажәаратә платформа, уаҟа ишьҭыххо атемақәа ртәы, иара убасгьы еиҭеиҳәеит, еиҭа иазгәаҭан ирымоу проектқәак ртәы.
Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ аиҿцәажәараан иҳәеит, хаҭала иара изы иҳаҩсуа ашықәс зеиԥшраз атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0