Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

390 нызқьҩык инареиҳаны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 2022 шықәсазы

© Sputnik / Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2022
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥы аныҳәамшқәа раан ажьырныҳәа 1 инаркны 8-нӡа ԥсшьарамшда аус аулоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Афонҿыцтәи аҳаԥы 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа иаҭааит 392 836-ҩык, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.

Смыр иажәақәа рыла, 2021 шықәса абри аамҭазы аҳаԥы иаҭааит 36 нызқьҩык иреиҳаны. Уи апандемиаамҭаз аҳәаақәа ахьаркыз, Аԥсныҟа аара ахьалшоз иадиҳәалеит Смыр.

"2021 шықәса егьырҭ ашықәсқәа рҿырԥшра иаԥсаӡам. Адунеи агәашәқәа аркын. Аԥсны зҳәаақәа аазыртыз атәылақәа ираԥхьагылан. Ауаагьы рацәаны иаҭааит", - иҳәеит иара.
2022 шықәсазы аҳаԥы ахашәала 268,3 нызқь мааҭ итәеит. Шықәсык аԥхьа – 214,7 нызқь мааҭ ыҟан. Аиҳарак ауаа рацәан аԥхынтәи аамҭазы. Рашәарамзазы аҳаԥы иаҭааит 45 422-ҩык, ԥхынгәымзазы – 98 982-ҩык, нанҳәамзазы – 101 675-ҩык.
Смыр иҳәеит ажьырныҳәа 1-10 рзы аҳаԥы иаҭаар рылшоит 9-10 нызқьҩык атәыла асасцәа ҳәа. 2021 шықәсазы ари аамҭазы аҳаԥы иаҭааит 10 700–ҩык аԥсшьаҩцәа.
Аҳаԥы аус аулоит ԥхынҷкәын 31 инаркны ажьырныҳәа 8 рҟынӡа, асааҭ 10:00 - 18:00 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0