Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гыцԥҳа: ачыс ухы-угәаҿы иаанхартә еиԥш, гьамала азнеишьеи ачҳареи аҭахуп

Гыцԥҳа: ачыс ихы-угәаҿы иаанхартә еиԥш, гьамала азнеишьеи ачҳареи аҭахуп
Анапаҵаҩра
Ҩнаҭацыԥхьаӡа Ашықәс ҿыц аламҭалаз еилашуеит аусқәа. Урҭ реиҳарак знапы иану аҳәса роуп. Ачыс аҟаҵара, аишәа архиара, зегьы гьамала аиҿкаара иаҿуп. Лыхны ақыҭан инхо Џьергьениаа рҭаца, аԥшәмаԥҳәыс Инесса Гыцԥҳа арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҿы еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц лыҽшазыҟалҵо атәы, ачыс аҟаҵареи уи азнагашьеи аҿы иҷыдоу гьамак аҭара илнаҭо.
Ашықәс ҿыц даара бзиа избоит, ҭаацәашәала имҩаԥысуа ныҳәоуп лҳәеит лцәажәараҿы Гыцԥҳа.
"Сара сзы даара акраҵанакуеит зыԥсадгьыл анҭыҵ иҟоу иџьынџь ахь даныгьежьуа Ашықәс ҿыц, Ажьырныҳәа еиԥш иҟоу аныҳәақәа раан. Ҳҭаацәара ԥшӡа ахәҭак Урыстәыла инхоит. Урҭ есышықәса иаҳзаауеит. Ҳаицхырааны аныҳәа ҳҽазыҟаҳҵоит. Аџьџьаҳәа Ашықәс ҿыц ҳаԥылоит, қьафла аамҭа ҳхаҳгоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Инесса.
Аԥшәмаԥҳәыс лажәақәа рыла, аныҳәа аҽазыҟаҵара далагоит акыр аамҭа шыбжьоу, илҳәеит уи аҽазыҟаҵара иаҵанакуа атәы.
"Аҽазыҟаҵаратә процесс ахь иаҵанакуа сара сзы ачыс амарҭхәқәа заа иаахәаны аԥхьакра акәӡам. Иара аныҳәа иадҳәалоу атрибутқәа рызнеишьа ауп иаҳа ихадоу. Раԥхьа иргыланы сҭаацәа рзы аҳамҭақәа еиқәсыршәоит, анаҩс, аԥсаӡ архиашьа астиль алхра, ԥштәыла еиқәыршәаны, еиҿкааны аҟаҵара", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Инесса еиҭалҳәеит, иарбан фатә хкқәоу аныҳәатә еишәаҿы иналго, насгьы уи архиара ҟазарыла азнеишьа илнаҭо атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0