Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Владимир Путин урыстәылаа рахь ашықәсҿыцазтәи анацҳамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik / Гавриил Григоров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел встречу с избранными главами субъектов РФ
Президент РФ В. Путин провел встречу с избранными главами субъектов РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2022
Анапаҵаҩра
Путин 2022 шықәса Урыстәылеи адунеи зегьи ԥхьаҟатәи рԥеиԥш зыӡбаша аԥсахра дуқәа ирышықәсуп ҳәа аӡбахә иҳәеит, уи агәҭынчымреи ашәарақәеи рыла иҭәын иҳәеит иара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылаа рахь ашықәсҿыцазтәи анацҳамҭа ҟаиҵеит.
Аурыс жәлар раԥхьагыла абжьааԥнеиԥш Кремль аԥхьа дгыланы акәымкәа, Украина аоперациа ҷыда иалахәу аруаа раԥхьа дгыланы дцәажәеит. Иара иҟаиҵаз адныҳәалара раԥхьа ирбеит Ашықәс ҿыц иаԥылахьоу Камчаткеи Чукоткеи инхо ауаа.

"Милаҭрацәала еилоу ҳара ҳажәлар, Урыстәыла аҭоурых аҿы еиҳа ихадаз, иуадаҩыз аамҭақәа раан еиԥш, агәымшәареи ахпатуқәҵареи аадырԥшит. Ражәеи руси ала Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирыдгылеит. Аоперациа ҷыда иалахәу зегьы ирыдгылеит", — иҳәеит ахада.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиаша Урыстәыла аганахь ишыҟоу, избанзар иара аҭоурыхтә дгьылқәа рҿы инхо атәылауаа ахьчоит.
"Ҳара ҳаидгыланы аԥсҭазаара ҳаргылоит. Ҳаицхыраауеит. Зегь реиҳа ихадоу - Урыстәыла аԥеиԥш ҳаргылоит. Аԥсадгьыл ахьчара - ҳара иаҳуалԥшьоуп ҳабацәеи урҭ рабацәеи ԥхьаҟа игылараны иҟоу абиԥарақәеи рҿаԥхьа", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Мраҭашәаратәи анапхгаҩцәа шықәсырацәала Урыстәыла агәра адыргон ҭынчымҩала азҵаарақәа зегь шырӡбо, Донбасс аҭагылазаашьагьы убрахь иналаҵаны, аха убри аан дара анеонацистцәа ирыдгыланы агрессиа рҽазыҟарҵон. Уажәшьҭа дара ари аӡбахә аартны ирҳәоит, Украина ажәлар ракәзар, рхы иадырхәоит ҳтәыла аиҟәшареи амч арԥсыҽреи рзы", - иҳәеит иажәа хыркәшо Урыстәыла ахада.
"Ҳара ахаангьы ус аӡәгьы илҳаршомызт, илҳаршарангьы ҳаҟаӡам", — иҳәеит Путин.
Иара аоперациа ҷыда алахәцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшуа агәымшәареи ахымшаҭареи, агәрагарагьы ааирԥшит Урыстәыла иҟоу ауадаҩрақәа ириааины атәыла амчи, ахыԥшеи, ахьыԥшымреи шахьчо.
"Ҳара еснагь иаҳдыруан, иахьагьы ҽазнык еилаҳкааит Урыстәыла исуверентәу, ихьыԥшым, ишәарҭадоу ҳәынҭқаррак аҳасабала аԥеиԥш ҳнапы ишану. Ҳара ҳамчи ҳгәаҳәареи ишахьыԥшу", - ҳәа азгәеиҭеит Путин.
Анаҩс ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ахада иҟаиҵаз авидеонацҳамҭа Аладатәи арратә округ аҿы ишҭарыҩуаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0