Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәсҿыцазтәи асалиут Аԥсны аԥсаӡ хада аҿаԥхьа ихаларҵеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Праздничный салют
Праздничный салют  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада дыргылеит Аҟәа ԥхынҷкәын 25 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 1- Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2023 шықәса ҳахьҭалаз аҳаҭыр азы асалиут халарҵеит Аԥсны аԥсаӡ хада аҿаԥхьа.
Ари ахҭыс иахәаԥшразы ауаа рацәаны еизеит, афотосахьақәеи авиденҵамҭақәеи ҭырхуан.
Ахақәиҭра ашҭаҿы есышықәсеиԥш, сынтәагьы идырԥшӡеит, аԥсаӡ идыргылаз адагьы, апарк ахы-аҵыхәеи аҩычагақәа шьақәдыргылеит.
Аԥсаӡ хада дыргылеит ԥхынҷкәын 25 рзы, уи амш инаркны есыҽны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, акьанџьа дуқәа мҩасуеит, аконцертқәа еиҿыркаауеит, ишәаҳәоит, икәашоит.
Уи адагьы, иаартын акинотеатр, иддырбон амультфильмқәа.
Ашықәс ҿыц ауха афеиерверк адагьы, ақалақь ахадара еиҿыркааит адискотека, уи ишаанӡа имҩаԥыслоит
Ажәабжьқәа зегьы
0