Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2023-тәи Ашықәс ҿыц Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит ҳазҭало ашықәс Аԥсны азы аҵак ҷыда шамоу – ишазгәаҳҭо Аиааира 30 шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵоуижьҭеи 15 шықәса аҵреи.
"Иҳаҩсыз ашықәс хьанҭан. Аҿкычымазара ианаалҵ, адунеи ашәарҭара инҭагылеит. Уажәы имҩаԥысуа аибашьраҿы иҭахоит ҳара ҳарԥарцәагьы. Цәыӡ дууп ари ҳара ҳзы. Афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәым. Ҩызара ҳзызуа Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ииашоу адунеитә еиҿкаашьа иазықәԥоит. Ари ақәԥараҟны ҩаԥхьа адгылара ишазхиоу аанарԥшит Аԥсны", - ҳәа азгәеиҭеит ҷыдала Бжьаниа.
Иара убас иара инаҵшьны иҳәеит, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҳалшаз, ҳзыхьӡаз маҷымзаргьы,аха макьана ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵаша шырацәоу, уи азы ишаҭаху алшарагьы, аамҭагьы.
"Сара агәра згоит иҟаҳҵахьо аиҳагьы шҳалшо зегьы ҳаидгыланы аус еицаҳур", - ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны ахада иуаажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынч ԥсҭаазара , аизҳазыӷьара, инаӡарц иреиӷьу ргәыӷрақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0