Дамасктәи аҳаирбаӷәаза аусура еиԥҟьеит Израильнтәи иахьалахысуаз иахҟьаны

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМирная жизнь Дамаска
Мирная жизнь Дамаска - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Анапаҵаҩра
Ҩыџьа аруаа ҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит, аматериалтә ԥхасҭа аҭоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Дамасктәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аусура еиԥҟьеит Израильнтәи иахьалахысуаз иахҟьаны, шьамтәылатәи аруаа ҩыџьа ҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Шьамтәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи аԥхьа шьамтәылатәи аҳәынҭқарратә телеканал Al-Ikhbariyaадырра ҟанаҵахьан, Израиль ШьАР аҳҭнықалақь аладатәи ахәҭа ишалахысуаз. Амаҵзура САНА адыррақәа рыла, Аҳауаҿагыларатә мчқәа аус шауа.
Шьамтәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ала, Тивериадатәи аӡиа аганахьала Дамасктәи аҳаирбаӷәазеи уи акәша-мыкәшеи алахысра иалагеит асааҭ 02:00 рзы.
Израильтәи аруаа лассы-лассы Шьамтәылатәи ахыбрақәа ирылахысуеит. Иҳаҩсыз ашықәс азы иалахысуан Дамаск, Алеппо, абаӷәаза Тартус, Масиаф ақалақь аҟны иҟоу аҭҵарадырратә центр.
Ажәабжьқәа зегьы
0