Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Возԥҳа 2022-тәи азы: "Гәыма" акомандазы ишықәс дуун

Возԥҳа 2022-тәи азы: "Гәыма" акомандазы ишықәс дуун
Анапаҵаҩра
29 шықәса игәыгәҭыжьны иҟаз аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" Аҟәа аҭыԥ ԥшӡарақәа ируакхеит шықәсыки бжаки раахыс. Уи анаҩсгьы, акультуратә, абазазаратә усмҩаԥгатәқәа иргәеисыбжьны, аӡәырҩы рыԥсы раҳаҭны иахьыршьаша ҭыԥны иҟалеит Гәыма. Уи зыбзоуроу хҩык аиҩызцәа ирызцәырҵыз ахшыҩҵаки, иаадырԥшыз азнеишьеи роуп. Урҭқәа ирхылҿиааит еиуеиԥшым апроектқәа. Сынтәа аусуразы иарбан ҭагылазаашьақәоу иамаз акльтуратә платформа, проектқәас имҩаԥыргаз ртәы еиҭалҳәеит "Гәыма" апроектқәа рхылаԥшҩы Хьыбла Возԥҳа.
"Аԥхьаӡара саналага схаҭа иџьасшьеит шаҟа ирацәаны ахҭысқәа ҳамаз ашықәсан", - лҳәеит Возԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0