Украина, ААС "Аккую", агазтә хаб апроекти ирылацәажәеит Путини Ердогани

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию гражданского общества и правам человека
Президент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию гражданского общества и правам человека - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, ажьырныҳәа 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердогани ҭелла реицәажәара мҩаԥысит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани ҭелла реицәажәараҟны иазааҭгылеит Украина, ААС "Аккую", агазтә хаб апроект азҵаатәқәа. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит мраҭашәаратәи атәылақәа Киев бџьарла ишеибырҭо. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Зегь раԥхьа инаргыланы аенергетика аусхк, аԥхьаҟа ахәҳаахәҭра -економикатә еимадарақәа реизырҳара уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иазгәаҭан аԥыжәара зҭатәу астратегиатә ҵакы змоу азеиԥш проектқәа рынагӡара, Ҭырқәтәыла арегионтә агазтә "хаби" ААС "Аккую" аргылара реиԥш иҟоу", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Иара убас, Путин Ердогани иареи реицәажәараҿы дазааҭгылеит Мраҭашәараа Киев бџьарла ишеибырҭо атәы.
"Украина акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа иазааҭгылан. Урыстәыла инаҵшьны иазгәанаҭоит мраҭашәаратәи атәылақәа Киев бџьарлеи арратә техникалеи ишеибырҭо", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0