Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Донбасс иҭахаз ахатәгәаԥхарауаҩ

© Foto / "Апсныпресс"В Абхазии простились с погибшем на Донбассе добровольцем
В Абхазии простились с погибшем на Донбассе добровольцем - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Анапаҵаҩра
Донбасс иҭахаз Аԥснынтәи ахатәгәаԥхарауаҩ аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аҟәа ахәаша, ажьырныҳәа 6 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Донбасс иҭахаз ахатәгәаԥхарауаҩ Дмитри Ҵәыџьба ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
"Ҳара иахьа наӡаза абзиараз ҳәа иаҳҳәоит аиашара зхы ақәызҵаз, зыжәлар рԥара иаԥсахаз Дмитри Ҭемыр-иԥа Ҵәыџьба. Иара хатәгәаԥхарала Аԥснынтәи Донбасс еибашьуа аинтернационалтә бригада "Пятнашка" далан, дҭахеит Донецк амҵан аибашьратә дҵа анагӡараан", - ҳәа иҳәеит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа аибашьҩы аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны.
Дмитри Ҵәыџьба дҭахеит ԥхынҷкәын 27-28 руыха, иара ицҭахеит Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз даҿа ҩыџьа - Нодар Абыџбеи Адам Лагәлааи. Аҳәынҭқарра ахада инапынҵала аибашьҩы иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааган ажьырныҳәа 3 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0