Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа аамҭалатәи агәрага Иемен ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ диԥылеит

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииВременный поверенный в делах Абхазии в Сирии Мухаммед Али встретился с посланником посольства Йеменской республики в Сирии Радваном Али Аль-Хайми
Временный поверенный в делах Абхазии в Сирии Мухаммед Али встретился с посланником посольства Йеменской республики в Сирии Радваном Али Аль-Хайми - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2023
Анапаҵаҩра
Иементәи ареспублика Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит 2022 шықәса рашәарамзазы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа аамҭалатәи агәрага Муҳаммед Али диԥылеит Шьамтәылалатәи ареспублика аҟны иҟоу Иемен ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Али Аль-Хаими. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аль-Хаими еиҭеиҳәеит Иеимен аҭагылазаашьа зеиԥшроу, еиҳарак азҿлымҳара аиҭеит иементәи агуманитартә досие.
Муҳаммед Али иганахь ала агәрагара ааирԥшит, иаарласны Иемен аҭынчра ашьақәгылареи агуманитартә ҭышәнартәалареи шьақәгылахап ҳәа. Аԥсны аусқәа аамҭалатәи агәрага дазааҭгылеит ареспубликаҟны адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа атәы.
Иемен Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0