Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго

© Foto / Марина Барцыц Праздник Ажьырныхуа
Праздник Ажьырныхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Анапаҵаҩра
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иҳадылгалоит Ажьырныҳәа, бзыԥаа рҿы Хьачхәама ҳәа изышьҭоу аныҳәара амҩаԥгашьа иазку аматериал.

Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы.

Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәс еиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон. Избанзар абри аламҭалаз "зимнее солнцестояние" ҳәа изышьҭоу амра аԥхынрахь ианхышәҭуа, амшгьы иубаратәы ацлара ианалаго ауп. Абри аҽны шьыжьымҭан Уаҭҳаратәи аныҳәаҩ Борис Аиба (иара ажьира ианамшу - шәахьеи-ԥшьашеи) ижьираҿ "Аԥхынныҳәара" мҩаԥигоит.

Празднование Ажьырныхуа в селе Бамбора  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2020
Имҵаныҳәон, ихьӡ ианықәуан: аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы Шьашәы иҭыԥ

Абзыԥқәа рҿы ажьира змамгьы, аныҳәа ҭаацәала имҩаԥыргоит. Иаразнак иазӷәаҳҭап, ари шҭаацәаратә ныҳәоу, аунификациа азум, убри аҟнытә аиԥшымрақәа, аивгарақәа маҷымкәа ишуԥыло.

Иарбан ныҳәазаалакгьы иамоуп иара иатәу аритуалтә чыс. Ижәытәӡатәиу аныҳәқәа рҟны иахьеиԥш ачыс еиларыжьӡомызт. Иара иатәу ҳәа акы ыҟан, иахьынӡауазгьы еиларгаӡомызт уи.

Ҳазааҭгылап Ажьырныҳәа амарҭхә, ачысхәы:

Ацәашьы абри аныҳәараҿ ихадоу, зда ԥсыхәа амам иреиуоуп. Ацәашьы иахабалак еиԥшӡам. Иҟоуп цәашьык ахьыҟоу, иҟоуп ҩба ахьыҟоу - акы аныҳәаҩ ихазы, егьи иҭаацәа рзы, мамзаргьы акы - иара итәы, нас иҭаацәа рыцԥхьаӡа хаз-хазы, ма еиларҳәны (иара итәы агәҭа еиҳаны). Мамзаргьы – 7 (агәҭантәи дуны). Нас аԥсынгьари аҿы иадыркуан, ма иҩаҳаракны. Ажьира змам адәахьы аҵлашьапаҿы, аҩны абарҵа ашьаҟаҿ, ма аҭӡамц аҿы иадыркуан. Иҟан иаразнак доусу ицәымзахә ихы иакәыхшаны иахькыдырҵоз.

Хьачхәаматәи аҭаацәа ирзеиԥшу ацәымза былуа анҵәамҭахь ианнеилак, иаакыдхны "зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!" ҳәа зегьы рхы иаакәыхшаны амца иақәдыршәуан. "Зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган" - ачымазара Анцәа иаҳзааумган, уимоу баша чымазарамкәа, аҿкы чымазара ала ԥхӡы ҳалҵуа ҳҟаумҵан ауп иаахҵәаны иуҳәозар иаҵанакуа. Шәышықәса раԥхьа аҵарауаҩ Генко А.Н. аԥсуа-аурыс жәар аҿы абас еиҭеигоит ажәа "азҩа"- "болезнь, чума, зараза, эпидемиа" ҳәа.

Ныҳәарацԥхьаӡа иамоуп иара иатәу ачысхә:

Ари аныҳәараҿ раԥхьаӡа игылоуп ашьтәа. Уи абшьтәа хышықәса зхыҵуа акәзар бзиан, иҟан аӡыс зшьуазгьы (досу ишилшо). Убас шықәсык абжьара шықәсык ашьтәа ршьуан, егьи иааиуа ашықәс рбаӷьла мацара иныҳәон. Ашьтәа цқьазароуп. Заа иҿарҳәон аҽарыцқьаразы – махәқәак, ашәч арҭон. Ажьирахь ианыргоз, аҿы, ашьапы ӡәӡәаны, мпахьшьыцқьала ирбаны инаргон.

Амра аҭашәарахь ахы анархалак, рышьтәа атәыҩа ианкны инаган иныҳәон: нас иацырҵон: "...Уажәы абзара уҳарбеит, нас агәы-агәаҵәа уҳарбоит", - ҳәа. Ани арбаӷьгьы ус акәын. Дзымҵыҵыз ажьира ахьӡала хазы зхы зныҳәоз аԥхәысгьы "сарбаӷьԥшӡа" ҳәагьы нацылҵон. Ус иубалак, гра змоу ушьыр ҟалаӡомызт.

Габниаԥҳа: ажьырныҳәа амчра дуӡӡа змоу ныҳәоуп

Ишаҳҳәаз еиԥш, убасгьы арбаӷьқәа, аҷкәынцәа досу рыцԥхьаӡа, ажьира змоу аҭыԥҳацәагьы рзы рыцԥхьаӡа ршьуан. Насгьы ирӡуан ачашәқәа, акәакәарқәа. Иҟоуп досу иарбаӷьхәқәа, ицәымзахәқәа хазы акакала аныҳәаҩ дахьахныҳәо, иҟоуп еизакны иахьырҳәо.

Ажьырныҳәа иазкны ирыман аҩыцқьа. Аҩы зҭаз аҳаԥшьа уа аныҳәарҭа аҩнуҵҟа, ма ааигәа иҵазар ҟалон. Аҳаԥшьа ззыҵам, уи иазку ауалыр ҿыц хдыртуеит.

Абарҭ роуп иара иатәу ачысхә.

Амала иныҳәаны аҩны ианааилак, аишәаҿы абысҭа, арашысыӡбал, уҳәа дырхиоит.

Аныҳәаҩ дныҳәаны данаалгалак ачашә/акәакәар агәҭантә хәыҷык аамхны, агәи-аӷәаҵәеи кәац ҿаҵак аамхны, аҩы нақәҭәаны, аԥсынгьери аума, ма ахәыблы, аҳаракыраҿ, ма абагьыр акы иахәымгаратәы иҟамларатәы иқәиҵон, абас наҳәаны: "Абри Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа иаласырҭхаџьаанӡа зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!"

Ажьырныҳәа иазкны аҭҵаарақәа маҷӡам аԥсуаа ретнологиаҿы, аха иахьа уажәраанӡа ҭакда иаанхоит азҵаара "Ачбеи Чачбеи" абра изыргәалашәои ҳәа. Убасгьы, абри аныҳәаратә формула "Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа иаласырҭхаџьаанӡа зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!" аныҳәаԥхьыӡ иалоуп "Хыхь иҟоу", насгьы аӡатә иахьахныҳәо Анцәа иҳәарақәа рҟны. Ишдыру еиԥш, арҭ ныхахәқәоуп, ажьира ахаҭагьы шныхахәу еиԥш.

Ажьырныҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2020
"Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки

Аныҳәара хдыркәшон иаҵагылаз зегьы агәи-агәаҵәеи аҩи ргьама баны, нас иҭҟьоз абџьар ала ихысны аҩныҟа рыхынҳәрала. Аныҳәа ишаԥу еиԥш, уи ҽнак ала инҵәаӡомызт хаха-хымшгьы ицон. Аԥсуаа ражәа иалан ирҳәон: "Хьачхәама ачыс ҳалалуп, Мшаԥчыс ҳарамуп" ҳәа. Иҟалап, уи Мшаԥы аишәақәа ахьдыргылоз азы акәзар, мамзар даҽакы азы. Ииашаҵәҟан, ари аамҭа еиҳа ихьшәашәароуп, ачысхкы рацәаны еиларыжьуамызт, еиҳа еиҭанеиааиуеит (абзыԥқәа рҿы хымԥада), еидтәалон, еиқәныҳәон, ирфозгьы рхаҳауан, ирнаалон ҳәа рԥхьаӡон.

Иааҳгоит 2017 шықәсазы Уаҭҳара ақыҭан ианаҳҵаз Аиба Шьмаҭ иԥа Борис (90 ш.) иныҳәара ахәҭак, иажәаҳәашьҭыбжь еиқәырханы. Иара излеиҳәо ала, ажьира иаб ианшьцәа Џьыкраа рҟынтә иааит. Жәеизаҩык ахшара ахьыҟаз, еиҳабызгьы еиҵбызгьы "ашьтәа шьны аныха сазкны сҟарҵит. Уажәгьы агәаҵәа зку сара соуп. Ҳабацәа ишырҳәоз убас ала исҳәоит ҳәа саҿуп", - иҳәоит иара.

© Foto / Марина БарцыцАжьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы. 2017 ш.
Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган: аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Ажьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы. 2017 ш.

"Ашьашәы, улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ, ҳрыцҳашьа, иаҳзымдыруа ҳаҭоумҵан! Ҳара иахьа асқәс-асықәс аиҩшара аҿы иҟаҳҵоит есысқәса Хьачхәама ахьӡуп абри ҳжьираныҳәоуп. Ҳжьырныҳәа алԥха ҳаманы, агәыԥха ҳаманы, абри аныҟаҳҵарнахыс иҳабаргузеи ҳа ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо, ҭаҳцәала ҳгәырӷьо ҳҟауҵарацы Анцәа суҳәоит!"

"Амин!!!" - еицырҳәоит ажьира иаҵагылоу зегьы.

"Ҳара ҳадагьы ажьира змоу уаха иҟарҵуоит. Абарҭ рыхәҷы-рду, агәаҵәа аныркуазаалакгьы улԥха ҳаҭ угәаԥха ҳаҭ ҳа ирҳәо аҿы иагымкәа, ақәнага иҟоу ақәнага иақәуршәарацы суҳәоит!"

© Foto / Марина БарцыцАиба Борис
Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган: аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Аиба Борис

"Амин!!!"

"Ара, ӡӷаби-ҷкәынеи ҳацԥхьаӡа, зынџьы исысҳәаз еиԥш, ҳацԥхьаӡа рбаӷь ыҟоуп, ҳацԥхьаӡа акәакәар ыҟоуп, ҳацԥхьаӡа чашә ыҟоуп, ҳацԥхьаӡа цәымза аҳаркоит. Абри аныҟаҳҵа нахыс изакәытә бзиароузеи ҳазқәшәа ҳҳәо, ахәҷы-аду доус иахыҟазаалакь ушьапы акра иахыбаамкәа иҟауҵарацы Аԥааимбар ду суҳәоит. Иахьа абри ҳазшаз Аԥааимбар иишаз ала агәаҵәы иҳарбуа мышьҭабзиара аманы, амшьҭ бзианы, аҵх бзианы абзиарақәа рыла даҳхылаԥшуат ҳҳәаратәы шәгәырӷьо-шәыхәмаруа, шәыччуа шәҟаиҵаратәы Анцәа сиҳәоит. Улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ, ҳрыцҳашьа, иаҳзымдыруа ҳаҭоумҵан".

© Foto / Марина БарцыцАжьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы
Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган: аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Ажьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы

"Амин!!!"

"Убри анаҩсан. Ҳаԥсынра иахьа иахагылоу ауааԥсыра, аҷкәынцәа аҳәоу еиқәшәара роуа, руы еиқәшәуа, абзиарақәа рзы, ыҟами, рныҳәаҿақәа акра ада хьаа рымам ҳәа ҳҳәаратәа Анцәа ҳазшаз иҟаиҵааит. Аамҭа бзиа ҟалааит! Рҳәоу еиқәшәааит, иҟалуазар! Ҳ-Аԥсны ԥхасҭарымтәратәы, иныҟәыргаратәы аамҭа рԥыхьашәааит! Алԥха Анцәа ҳазшаз ишәиҭааит. Дад, Ҳазшаз шәиргәырӷьааит!"

"Амин, Анцәа иҳәааит!!!"

Ачашәи агәи-агәаҵәеи ҿаҵақәак намхны аҩы рықәҭәаны ажьира ахыб аҵаҟа иҩаҳаракны иқәиҵоит абарҭ ажәақәа ҳәо:

"Абри Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа ирылаҳҵаанӡа зҩаԥхӡы ҳалумхын, ақәнага Анцәа ҳақәыршә, ҳгәырӷьаҵәа Анцәа ҳҟаҵы. Ус рҳәуоит - иаҳзымдыруа ҳаҭамзаат, қәнамгаус ҳақәымшәаат. Улԥха ҳамазаат, угәыԥха ҳамазаат! Ҳрыцҳашьа! Дад, иаҳзааиз шәгәырӷьуо, абри аныҳәа алԥха шәыманы, ауаа рылԥха шәыманы, ақәнага ҳақәшәт шәҳәо, шәхы шәақәгәырӷьо, шәыԥсы шәақәгәырӷьо Анцәа шәҟаиҵааит, дад, Анцәа дшәықәныҳәа!"

"Амин, Анцәа иҳәааит!"

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0