Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

70-ҩык ачымазцәа атаргеттә хәышәтәра роуит 2022 шықәсазы Аԥсны акьыбачымазаратә центр аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукОнкоцентр в Сухуме
Онкоцентр в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект иалоуп жә-миллион мааҭк аԥара ахимиатерапиа ахәшәқәа рыхәшәаразы, Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр азы ахәшә ҭаҵәахқәа раахәаразы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik. 2022 шықәсазы Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҿы зыхә цәгьоу атаргеттә хәышәтәра иахысит 70-ҩык атәылауаа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит амедусбарҭа ахимиатерапиа аҟәша аиҳабы Сариа Адлеиԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, атаргеттә терапиа – даара зыхә цәгьоу хәышәтәроуп, уи ачымазцәа зегьыҵәҟьа ирзыҟауҵар ауӡом, иара ззырхоу иҷыдоу ачыра аген ауп.
2022 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр ахь инанаго иалагеит дарбанзаалак апациент хаҭала иқәнагоу атаргеттә хәшәқәа. Урҭ ахәшәқәа рыхә ашәоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
"Атаргеттә терапиа – ари ахимиатерапиа ахырхарҭа ҿыц ауп, уи ахь ҳхы ҳархароуп, избанзар иаабац асистематә химиатерапиа даҽа иԥырхагоу цәырҵрақәак амоуп. Хымԥада, атаргеттә терапиа еиҳарак ԥырхагак ҟанаҵом, еиҳараӡак алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит", - лҳәеит лара.
Уаанӡа Адлеиԥҳа Sputnik илҳәахьан 60% ачымазцәа акьабачымазаратә центр ахь инеиуеит ачымазара иӷәӷәаны ианрылаҽхьоу. Аҳақьым лгәаанагарала, Аԥсны акьыбачымазара змоу рхыԥхьаӡара армаҷразы иахәҭоуп ауааԥсыра рыбжьара аилыркааратә усурақәеи адиспансеризациеи рымҩаԥгара.
Адлеиԥҳа иазгәалҭеит акьыбачымазара генетикала иаар зылшо ачымазара шакәу. Дарбанзаалак ауаҩы ашәарҭара дҭагылар ауеит иара иуацәа гәакьақәа руаӡәк акьыбачымазара имазҭгьы.
Неделя ранней диагностики рака в Национальном онкологическом центре Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2022
Аԥсны
Аҳақьым Аԥсны акьыбачымазара змоу рхыԥхьаӡара ишазҳаз атәы лҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0