Ҭырқәтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы адгьылҵысра ҟалеит

© Sputnik / Alexander Vilf / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на Стамбул, Турция
Вид на Стамбул, Турция - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2023
Анапаҵаҩра
Адгьылҵысра ҟалеит ашьыжь асааҭ 06:36 рзы аҭыԥантәи аамҭала.
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Змагнитуда 4,7 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы, абри азы адырра ҟанаҵоит Европа-Абжьарамшынтә сеисмологиатә центр (EMSC).
Адгьылҵысра ҟалеит асааҭ 03:36 адунеизегьтәи аамҭала (06:36 рзы москватәи аамҭала - аред.азгә.).
Адгьылҵысра агәы ҩ-километрак аҵаулараҿы иҟан, аҭырқәа қалақь Елиазыг 25 километра иахьацәыхароу.
Ааха заузи аԥхасҭа иҟалази ирызку адырра ҳәа макьана акгьы ыҟам.
Ажәабжьқәа зегьы
0