https://sputnik-abkhazia.info/20230117/shoigu-urystylati-ar-rny-ialo-aiakraa-rty-dalatsazheit-1043660034.html
Шоигу урыстәылатәи ар рҟны иҟало аиҭакрақәа ртәы далацәажәеит
Шоигу урыстәылатәи ар рҟны иҟало аиҭакрақәа ртәы далацәажәеит
Sputnik Аҧсны
2022 шықәса нанаҳәамзазы Урыстәыла аррамаҵзура штатла иахысуа рхыԥхьаӡара 1,15 млн. инаӡон. 17.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-17T13:09+0300
2023-01-17T13:09+0300
2023-01-17T15:38+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/09/1042550518_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_e4b3d07e531317caa054f30abb3e8443.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Урыстәыла Арбџьармчқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаԥигеит.Шоигу иазгәеиҭеит азхьаԥшра ҷыда шаҭатәу ар еилаӡарала аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡарала ишеизырҳатәу, архәҭақәа рахь ианаҿҳәароу абџьар шынашьҭлатәу, арратә округқәеи арегион ҿыцқәеи рҿы арратә ҽазыҟаҵарҭақәа рхыԥхьаӡара ишацҵатәу, аҟазауаа инарҭбааны ишазырхиалатәу. Иазгәаҭоуп аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиҿкаара хәдықәҵара шаҭалатәу, аҵакыра ҿыцқәа шыхьчалатәу Арбџьармчқәа рыструктуратә еилазаарақәа рырӷәӷәарала:
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/09/1042550518_304:0:1744:1080_1920x0_80_0_0_7809783cc00b953e7a6e3b5d4e9ebd79.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Шоигу урыстәылатәи ар рҟны иҟало аиҭакрақәа ртәы далацәажәеит
13:09 17.01.2023 (ирҿыцуп: 15:38 17.01.2023) 2022 шықәса нанаҳәамзазы Урыстәыла аррамаҵзура штатла иахысуа рхыԥхьаӡара 1,15 млн. инаӡон.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Урыстәыла Арбџьармчқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Иара иҳәеит 2023 шықәса инаркны 2026 шықәсанӡа ар рхыԥхьаӡара 1,5 миллионҩык рҟынӡа ишышьақәыргылахо.
Шоигу иазгәеиҭеит азхьаԥшра ҷыда шаҭатәу ар еилаӡарала аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡарала ишеизырҳатәу, архәҭақәа рахь ианаҿҳәароу абџьар шынашьҭлатәу, арратә округқәеи арегион ҿыцқәеи рҿы арратә ҽазыҟаҵарҭақәа рхыԥхьаӡара ишацҵатәу, аҟазауаа инарҭбааны ишазырхиалатәу.
Иазгәаҭоуп аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиҿкаара хәдықәҵара шаҭалатәу, аҵакыра ҿыцқәа шыхьчалатәу Арбџьармчқәа рыструктуратә еилазаарақәа рырӷәӷәарала:
иаԥҵатәуп АМ рырстратегиатә ҵакыратә еидҵара ҿыцқәа ҩба – Москватәии Ленинградтәии арратә округқәа, иара убасгьы Урыстәыла адгьылҵакыра ҿыцқәа рҿы ар ргәыԥқәа;
Ареспублика Карелиа аҿы еиҿкаатәуп х-дивизиак иҟоу амотошьаҟацәа рыла ишьақәгылоу ар ркорпуси, Аҳаир-десанттә ар рдесант-жәыларатә дивизиақәа ҩбеи;
Мраҭашәара, Мрагылара, Ацентртә арратә округқәеи Аҩадатәи афлоти рҿы иҟоу амотошьаҟацәа рыбригадақәа быжьба амотохысратә дивизиақәа ҳәа ишьақәыргылатәуп;
ирӷәӷәатәуп Арра-мшынтә флот, Аҳаир-космостә мчрақәа, астратегиатә хырхарҭа змоу Аракетатә ар.