Аӡбарҭа Латвиа иаанкыло Касем дшырбаандаҩу дааннажьит

© Sputnik / Нина ЗотинаЖурналист, шеф-редактор Sputnik Литва Марат Касем
Журналист, шеф-редактор Sputnik Литва Марат Касем - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2023
Анапаҵаҩра
Sputnik Литва ишаанацҳауа ала Марат Касем даанкылан ажьырныҳәа 5 азы, ригатәи аӡбарҭа аӡбрала Рига абахҭа хадахьы днаган.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Ригатәи аӡбарҭа Латвиа иаанкыло Sputnik Литва ашеф-редактор Марат Касем дшырбаандаҩу дааннажьит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ближнее зарубежье.
"Аӡбарҭа Марат Касем абахҭаҿ дааннажьит. Адукатцәа иҟарҵаз ахашшаара мап ацәкуп. Аӡбарҭа уаанӡатәи аӡбамҭа амԥсахит", - аҳәоит аусбарҭа Telegram-канал аҿы.
Марат Касем Латвиа датәылауаҩуп, шықәсқәак раахыс Москва дынхоит аус иуеит Sputnik Литва зҵазкуа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҟны. Ԥхынҷкәын 30 рзы иҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны Латвиаҟа дцеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0