Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашықәс ауарӷанарҳәаҩ": Гаделиа Москватәи аконсерваториа Азал ду аҟны концерт мҩаԥигеит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНоты музыкантов в Московской государственной консерватории. Архивное фото.
Ноты музыкантов в Московской государственной консерватории. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа абҵарамза 2022 шықәсазы имҩаԥысуаз "Персона" аноминациа аҟны "Ашықәс ауарӷанарҳәаҩ" аԥхьахә даԥсахеит.
МОСКВА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Урыстәылазегьтәи аԥхьахә "Ашықәс ауарӷанарҳәаҩ" аҳәаақәа ирҭагӡаны Лука Гаделиа раԥхьаӡа акәны Москватәи аконсерваториа Азал ду аҟны хаҭалатәи аконцерт мҩаԥигеит ажьырныҳәа 17 рзы.
Илегендатәу франциатәи аҭоурыхтә уарӷан аҟны ахәмарра, Москватәи аконсерваториа аԥхьахә ҷыдоуп.
Адунеи аҿы иалыркаауа аконцерттә залқәа иаҷыдаҟазшьоуп адунеи аҟны зыда ыҟам Каваие-Колиа аконцерттә уарӷан амазаара.
Абжьы хазына, здаҟам атембр ахылҵуеит аинструмент ҳәа азгәеиҭеит Гаделиа.
"Ари ҭоурыхтә инструментуп. Иараҿы ахәмаррагьы уадаҩуп. Абжьы аҭыгараз амч-алша аҭахуп. Аҽанраалара аҭаххеит ҩ-ҽазыҟаҵарак рыла. Аԥсихологиатә ҟазшьалагьы ауадаҩра сыман. Аконсерваториа Азал ду – изхаԥхьо ҭыԥуп. Сара сгәанала ари акосмос иаҵанакуеит. Уахь унеиразы ацқьара ду умазароуп. Ганкахьала – ақәгылара ныҳәа дуун, аҽа ганкахьала – ҭакԥхықәран", - ҳәа иҳәеит иара.
Ажурнал "Амузыкатә ԥсҭазаара" аредактор хада, аԥхьахә "Ашықәс ауарӷанарҳәаҩ" ацшьаҭаркыҩ, ауарӷанарҳәараз аексперт, апрофессор Евгениа Кривицкаиа иазгәалҭеит хышықәса ишрықәу Москватәи аконсерваториа Азал ду аҿы иреиӷьу ауарӷанарҳәаҩцәа аконцертқәа мҩаԥыргоижьҭеи.
"Урстәыла ауарӷанарҳәаҩ изанааҭ змоу даара дмаҷуп. Аԥхьахә иара азхьаԥшра аҭара иазырхоуп, азанааҭ ахԥша шьҭнахуеит. Алегенда иаҵанакуа ауарӷан аҿы ахәмарра азин рымоуп иреиӷьӡақәоу. Иахьа дыхәмарит ҳлауриат Лука Гаделиа", - ҳәа лҳәеит Кривицкаиа.
Открытие I Международного конкурса вокалистов и концертмейстеров Хиблы Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2023
Аԥсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа лмузыкатә еицлабраҿ иаиааиз рыӡбахә ҳәоуп
Лука Гаделиа солистк иҳасаб ала дықәгылеит, иара убасгьы иареи Аԥснытәи афилармониа асолистка, асопрано Кристина Ешԥҳаи рдует мҩаԥган Александр Соловиев напхгара зиҭо Москватәи аконсерваториа Акамертә хор амҩаԥгарала.
Аконцерт аҿы инагӡан XVIII – XX ашәышықәсақәа ркомпозиторцәа: Бах, Гендель, франциатәи аромантикцәа – Видор, Гильман рырҿиамҭақәа. Кристина Ешԥҳа иаалырԥшит барокко аҟазареиԥш (Вивальдии Гендели роперақәа рҟынтәи ариақәа) бельканто ахархәара ссиргьы (Беллини иопера "Норма" аҟынтә акаватина "Casta Diva").
"Ари азал аҿы ашәа сҳәараны сшыҟаз ансаҳа, аԥхьа сшәеит, нас сгәеисра ццакит. Асеиԥш идуу апрограмма уаанӡа ара ицәырсымгацызт. Иҟан еизгоу аконцертқәа санрылахәыз, аха апрограмма нагӡа – мап. Исылшоз ала сҽазыҟасҵон", - ҳәа лҳәеит Ешԥҳа.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Татиана Гәлиаԥҳа иазгәалҭеит аконсерваториа Азал ду аҿы хаҭалатәи аконцерт ари Лука Гаделиа ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы ҩаӡара дууп, уи аиԥш ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿгьы ишьаҿа дууп ҳәа.
"Анагӡаҩцәа дуқәа ахьықәгыло ари аҭыԥ ахь зегь нарԥхьом. Ахәылԥаз аҟны, ихьӡырҳәагоу ари асцена аҟынтәи изныкымкәа иқәыҩуан Аԥсны ахьӡ. Ҳара ҳрызгәдууп ҳартистцәа, абас ҩаӡара ҳаракыла ҳахьӡ ҭызго", - ҳәа лҳәеит лара.
Ажәабжьқәа зегьы
0