Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылгоз аицлабраҿы ашәаҳәаҩцәа рыбжьара иаиааиз рыхьӡқәа рҳәеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФестиваль Koktebel Jazz Party
Фестиваль Koktebel Jazz Party - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2023
Анапаҵаҩра
Аицлабра мҩаԥнагон Хьыбла Гьерзмааԥха илтәу Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд Акультуратә аԥшьгамҭақәа ирызку Ахада ифонд адгыларала.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылгоз аицлабраҿы ашәаҳәаҩцәа рыбжьара иаиааиз рыхьӡқәа рҳәеит.
Гран-при иоуит аурыс Алексеи Кулагин, иара ирҭоит 2,5 млн мааҭ.
Актәи аԥхьахә иаиааит, 1,5 млн мааҭгьы роуеит аурысцәа Ольга Масловеи Виачеслав Васильеви. Аҩбатәи аԥхьахә роуит, 1 млн мааҭкгьы рырҭоит аурыс Глеб Периазеви акитаиуаҩ Ливеи Хоуи. Ахԥатәи аԥхьахә ргеит, иара убас 800 нызқь мааҭи роуеит аурысцәа Екатерина Савинковеи Мариа Лупариовеи.
Алахәылацәа Ариф Дадашев напхгара зиҭо аоркестр иацырҳәеит дара рхаҭақәа иалырхыз аурыси аҳәаанырцәтәи ариақәа.
Ажьырныҳәа 22 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аиааира згази алауреатцәеи ргала-концерт.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа лмузыкатә еицлабра мҩаԥысуан ажьырныҳәа 13-20 рзы. Аицлабра анагӡаҩцәа қәыԥшцәа ирнаҭоит алшара еицырдыруа аоператә сценақәа рҿы ақәгылара, ашәаҳәаҩ лфонд еиҿнакаауа аконцертқәа рылахәхара.
Ажәабжьқәа зегьы
0