Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жьиԥҳа еиҭалҳәеит аԥсышәала ицәажәо телеграм-канал "Ахьыуардын" аира шыҟалаз

Жьиԥҳа еиҭалҳәеит, аԥсышәала ицәажәо телеграм-канал "Ахьыуардын" аира шыҟалаз
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телеграм-канал "Ахьыуардын" аԥхьаҩцәа ирыдгалоуп. Ҳбызшәа аԥшӡареи, ҳтоурых аҵаулареи, ҳкультура абеиареи ирызку аканал Sputnik Аԥсны апроект ҷыдаауп. Аиԥш зеиԥшу аканал аира шыҟалази, иара инанагӡо ахықәк ҷыдеи, арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит аканал амҩаԥгаҩ, афилолог, аиҭагаҩ Алина Жьиԥҳа.
Ари сара сзы акыр зҵазкуа хҭысуп, сгәы иаанагоит уаанӡа сызҿыз зегьы, аҵара исҵазгьы абри иазкызшәа ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Жьиԥҳа.
"Абри сахьынӡаҿу ауаа рныҳәаԥхьыӡ сныруеит. Сгәы иаанагоит ҳаԥхьаҟагьы аԥхьаҩцәа рацәаҩхап ҳәа. Иаҳҿыԥшны иҟазҵаша ҟалар, убысҟан схықәкы наӡеит ҳәа исыԥхьаӡон", - лҳәеит Жьиԥҳа.
Алина еиҭалҳәеит аканал ахьӡ аира шыҟалаз, насгьы уи еиҳарак иззырхоу.
"Ахьӡ кыр ҵуеит сазхәыцыижьҭеи. Телеграм аҿы аканалқәа цәырҵуа ианалага, алитература, акультура иазку уҳәа, аԥсышәала ицәажәо сашьҭалеит, аха акгьы сзымԥшааит. Сынтәагьы ианысымба, сазхәыцит апроект аҭахны иҟазар ҟалап ҳәа. Аԥсышәала иуацәажәо ак ыҟазар, ауаа ргәы иахәозшәа сгәы иабон. Сара схаҭа саԥхьаларын азы ауаагьы ирыдызгалеит. Апроект схаҿы ианшәы ақьаад ахь ииазгеит. Ҳаиҳабы ианисырба, амҩа аҳҭоит иҳәан, издыруаз зегьы рыла аҽазыҟаҵара салагеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Алина.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0