Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҭарашь Ҳагба аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТаращ Хагба
Таращ Хагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс иҟаз Џьемал Гәбаз ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәсазы имаҵзураҟынтәи ихы дақәиҭтәын.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабыс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа уи азын аусԥҟа инапы аҵаиҩит ажьырныҳәа 23 рзы.
Ҭарашь Ҳагба диит 1991 шықәсазы. Аспорт азҟаза, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп амилаҭтә команда ConIFA-2016 аверсиала адунеи ианачемпионхаз.
2021 шықәса хәажәкырамза аахыс Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахадас дыҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0