Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа Telegram аҟны ахатәы канал аиуит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМессенджер Telegram может быть заблокирован Роскомнадзором
Мессенджер Telegram может быть заблокирован Роскомнадзором - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Анапаҵаҩра
Аканал есыҽны ихадырҭәаауеит, ара иудырыр алшоит хра злоу ахҭысқәа, аоперативтә информациа, амҩатә ԥҟаррақәа инарҭбаан рдырра.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа Telegram аҟны ахатәы канал аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура, Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Баҭал Агрба иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Анапаҵаҩцәа ироуеит алшара, иаарласны аусбарҭа аусураҿтәи акыр зҵазку ажәабыжьқәа, аиҳабыра ирыдыркыло аӡбрақәа раҳара, аоперативтә дыррақәа рбара, амашьынарныҟәцаҩцәа рзы абжьгарақәа, азакәан аҿы аиҭакрақәа, амҩатә ԥҟаррақәа уҳәа рдырра", - ҳәа еиҭеиҳәоит Агрба.
Аканал аҿы иара убасгьы иддырбалоит амҩаҿ аныҟәара иалахәу ршәарҭадара иазырхоу асоциалтә ӡыргара, аусбарҭа аусураз авидеоқәа.
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2023
Аԥсны
Аҳәынҭавтоинспекциа иаанарԥшит 72-ҩык арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз ауаа
Ажәабжьқәа зегьы
0