Андреи Стенин игәалашәара иазку аицлабра 2023 шықәсазтәи ажиури реилазаара еилкаахеит

© Sputnik / Мигель Кандела / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне
Открытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс 2023 шықәсазтәи ажиури реилазаара рыларҳәеит Москва. Еицырдыруа АИХ-қәа русдырыҩцәеи ахьӡ змоу афотоҭыхыҩцәеи рыла ишьақәгылоуп аицлабра ажәбатәи ашықәс аӡбаҩцәа ргәыԥ.
Открытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабрахь 2023 шықәсазтәи аусумҭақәа рыдкылара иалагеит
Аӡбаҩцәа жәларбжьаратәи ргәыԥ иаҵанакуеит: КЖәР аинформациатә маҵзура "Синьхуа" афотодепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Лань Хунгуан, Аԥсылман Республика Иран аинформациатә маҵзура ИРНА аофициалтә фотоҭыхыҩ Мехди Болуриан, ҭырқәтәылатәи аинформациатә маҵзура "Анадолу" афотоҭыхыҩ еиҳабы Сефа Караџьан, Аргентинатәи ихьыԥшым афотоҭыхыҩ Хуан Каньете.
Урыстәыла ахьӡала Стенин ихьӡ зху аицлабра ажиури далахәуп Павел Волков, МИЦ "Известия" афотокорреспондент, М.В. Ломоносов ихьӡ зху ауниверситет ажурналистика афакультет арҵаҩы. Волков ихаҭа еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы изныкымкәа Стенин ихьӡ зху афотоеицлабра даиааихьеит, афотоҭыхразы урыстәылатәии жәларбжьаратәи апремиақәа ианаршьахьеит.
2023 шықәсазы 18-33 шықәса зхыҵуа афотопрофессионалцәа рырзаҳалқәа асаит ахь инарышьҭыр ҟалоит аурыс, англыз, акитаи бызшәақәа рыла.
"Аицлабра иалнаршоит адунеи зегьы иулоу аҟыбаҩ ҷыц ардырра. 2022 шықәса акыр ибеиан аполитика, аспорт, ауаажәларратә ԥсҭазаара рыла. Уи афотожурналистцәа иаадырԥшуан. Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабрахь инарышьҭуеит иналукааша аҭыхымҭақәа. Ҳгәыӷуеит сынтәагьы усеиԥш иҟалап ҳәа". - иҳәеит Аргентинатәи ажиури алахәыла Хуан Каньете.
2023 шықәсазы аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит уаанӡатәи аноминациақәа инарықәыршәаны:"Ажәабжь хадақәа", "Аспорт", "Сыпланета", "Апортрет. Ҳаамҭа афырхаҵа". Номинациацыԥхьаӡа усумҭак-усумҭак нарышьҭыр алшоит. Арзаҳалқәа рыдыркылоит 2023 шықәса жәабран 28, 23:59 сааҭ аҟынӡа.
Аиндаҭлара 2023 шықәса рзы аԥхьахәтә фонд иартәоит 100, 75, 50 нызқь мааҭ актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы. "Гран-при" иартәоит 700 000 мааҭ, уи реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.
Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партниорцәаны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, RT ателеканали апортали, амедиахолдинг Independent Media (ИуАР), ажәабжьтә маҵзура ANA (ИуАР), Shanghai United Media Group (SUMG) (Китаи), агазеҭ China Daily аинтернет-портал (Китаи), The Paper аинтернет-портал (Китаи), амедиаҳа Al Mayadeen (Ливан).
Ажәабжьқәа зегьы
0