https://sputnik-abkhazia.info/20230128/khra-zlou-akhysa-shalashaa-asny-ayankhama-aiara-iazkny--1043819223.html
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада араион аиҳабацәа алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿы ацитрустә аалыҵ асоветтә аамҭазы атәылаҿы иаадрыхуаз арбагақәа рҟынӡа инеиразы анапынҵа ҟаиҵеит... 28.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-28T11:00+0300
2023-01-28T11:00+0300
2023-01-28T11:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/1b/1043819069_0:0:1401:789_1920x0_80_0_0_438a9bb81bce7c4e278711bf3bdd013a.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара иазкны
Ақыҭанхамҩа аганахьала ауаа аус рнап адыркырцаз атәыла анапхгараҟынтә ас еиԥш азҵаара ақәыргылара акыр шықәса ҳазыԥшын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Шьалашьаа."Аԥсны шаҟа цитрус аадрыхуа аилкааразы, нас арбагақәа рышьҭыхра азҵаара анаукатә шьаҭала иазнеитәуп. Ақыҭанхамҩатә институт иҭҵааны ирымоуп иарбан культурақәоу Аԥсны ианаало, аҵиаақәа разырхиарагьы рылшоит. Аԥсны раионцыԥхьаӡа шаҟа аадрыхыр рылшар ҟало еилкаатәуп. Ажәытәан ишыҟаз еиԥш, анхаҩцәа еидгыланы, аарыхра зылшо ирацәажәаны аус аиҿкаара аҭахуп. Уажәы ишыҟоу еиԥш акәымкәа, ауаа ирцәыԥхасҭахо, ашәыр аҿыхра ргәы ақәымкәа иҟамларцаз, иахьа инаркны аус иалагатәуп. Араион аҿы иҟоу анапхгареи анхацәеи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵароуп. Аҳәынҭқарра ианаанахәалак аалыҵ, нас аҳәаа ахгараҿгьы ауадаҩрақәа ҟалаӡом", - ҳәа иҳәеит Шьалашьаа.Аекономист иажәақәа рыла, шамахамзар џьаргьы иҟаӡам анхаҩы иаарыхны иара ихала ииҭиуа, уи зылшо анаплак маҷқәа роуп. Аҳәынҭқарра иалшоит иҳамоу аимадарақәа ирыбзоураны еиуеиԥшым атәылақәеи дареи аиқәшаҳҭрақәа рыбжьаҵара, нас аалыҵ ахьыргаша аҭыԥқәа ралкаара ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.Шьалашьаа иҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иҟоу дшадгылаҩым. Уаҟа ҭаацәак рхы ныҟәыргоит, егьырҭ рыла ҭраа урҭ ирыхәаԥшуеит, ус еиԥш иҟамларцаз ауаа еицырзеиԥшу уск иаҿызароуп ҳәа азгәаиҭеит аекономист.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/1b/1043819069_28:0:1361:1000_1920x0_80_0_0_10ad64068899429c34deb283adb9d586.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара иазкны
Аԥсны ахада араион аиҳабацәа алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿы ацитрустә аалыҵ асоветтә аамҭазы атәылаҿы иаадрыхуаз арбагақәа рҟынӡа инеиразы анапынҵа ҟаиҵеит. Аслан Бжьаниа иҳәамҭа арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит аекономист Заур Шьалашьаа.
Ақыҭанхамҩа аганахьала ауаа аус рнап адыркырцаз атәыла анапхгараҟынтә ас еиԥш азҵаара ақәыргылара акыр шықәса ҳазыԥшын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Шьалашьаа.
"Аԥсны шаҟа цитрус аадрыхуа аилкааразы, нас арбагақәа рышьҭыхра азҵаара анаукатә шьаҭала иазнеитәуп. Ақыҭанхамҩатә институт иҭҵааны ирымоуп иарбан культурақәоу Аԥсны ианаало, аҵиаақәа разырхиарагьы рылшоит. Аԥсны раионцыԥхьаӡа шаҟа аадрыхыр рылшар ҟало еилкаатәуп. Ажәытәан ишыҟаз еиԥш, анхаҩцәа еидгыланы, аарыхра зылшо ирацәажәаны аус аиҿкаара аҭахуп. Уажәы ишыҟоу еиԥш акәымкәа, ауаа ирцәыԥхасҭахо, ашәыр аҿыхра ргәы ақәымкәа иҟамларцаз, иахьа инаркны аус иалагатәуп. Араион аҿы иҟоу анапхгареи анхацәеи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵароуп. Аҳәынҭқарра ианаанахәалак аалыҵ, нас аҳәаа ахгараҿгьы ауадаҩрақәа ҟалаӡом", - ҳәа иҳәеит Шьалашьаа.
Аекономист иажәақәа рыла, шамахамзар џьаргьы иҟаӡам анхаҩы иаарыхны иара ихала ииҭиуа, уи зылшо анаплак маҷқәа роуп. Аҳәынҭқарра иалшоит иҳамоу аимадарақәа ирыбзоураны еиуеиԥшым атәылақәеи дареи аиқәшаҳҭрақәа рыбжьаҵара, нас аалыҵ ахьыргаша аҭыԥқәа ралкаара ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.
Шьалашьаа иҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иҟоу дшадгылаҩым. Уаҟа ҭаацәак рхы ныҟәыргоит, егьырҭ рыла ҭраа урҭ ирыхәаԥшуеит, ус еиԥш иҟамларцаз ауаа еицырзеиԥшу уск иаҿызароуп ҳәа азгәаиҭеит аекономист.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.