Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсыӡкразы Очамчыра араион ачемпионат хыркәшоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Рыбаки на Сухумском причале
Рыбаки на Сухумском причале  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсыӡкразы ачемпионат "Кәыдры аӡиас" иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 12 команда.
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсыӡкразы раԥхьатәи Очамчыра араион ачемпионат "Кәыдры аӡиас" хыркәшоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсыӡкреи ашәарыцареи рыспортхкы афедерациа ахада Альберт Бондаренко.

Бондаренко иажәақәа рыла, актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Москватәи акомандақәа ҩба, ахԥатәи аҭыԥ- Нхыҵ Уаԥстәыла. Аԥсуа команда алахәылацәа 11, 12 аҭыԥқәа ааныркалеит. Зынӡа ачемпионат иалахәын 12 команда. Командацыԥхьаӡа хҩык-хҩык алахәын.

Бондаренко ишиҳәаз ала, 2023 шықәса нанҳәамзазы аԥсыӡкразы Аԥсны ачемпионат мҩаԥгахоит Ҩыԥсара аӡиас ахықәан. Уи иалахәхоит Китаинтәи аспортсменцәа.
Уи адагьы Урыстәыла аспорт азы аминистрра иахәҭоу азакәан рыдыркылар, Аԥсны алшара аиуеит ари аспортхкы ала аицлабра Кавказ Ахраҿа амҩаԥгара. Ари ауснагӡатә ишалахәхо азы адырра ҟарҵахьеит быжь-тәылак- Урыстәыла, Ермантәыла, Белоруссиа, Узбекисҭан, Кырӷысҭан, Казахсҭан, Китаи.
Рыбалка. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2023
Аԥсны
Аԥсыӡкразы Очамчыра араион ачемпионат Кәыдры аӡиас аҟны иаатит
Ажьырныҳәа 27 ашьыжь Кәыдры аӡиас иҭарҵеит 1400 кьыла амлагәыр, ажьырныҳәа 28 рзы даҽа 800 кьыла аԥсыӡ. Бондаренко иажәақәа рыла, ари аԥсыӡ хкы Аԥснытәи аӡиасқәа еиҳа ирнаалоит. Бонадренко ишазгәеиҭаз ала, аицлабра аԥҟара хадақәа иреиуоуп-аԥсабара ԥырхага амҭара. Ачемпионат "иукит-иоуушьҭит" аԥҟара иқәныҟәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0