Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥҳазоуԥҳа еиҭалҳәеит атуризм аусхк аҟны аилагарақәа рзы ишьақәыргылоу ахараԥсақәа ртәы

Аԥҳазоуԥҳа еиҭалҳәеит атуризм аусхк аҟны ишьақәырӷәӷәоу ахараԥсақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Зинда аус зуа аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа сынтәа инаркны ахараԥсақәа ддыршәалоит. Ари аус хылаԥшрас иаҭахо, азакәан еилазго хьырхәрас ирзыԥшу атәы далацәажәеит Атуризм аминистрра аиҿкааратә зҵаатәқәеи аусеилыргареи азинтәи акадртәи усуреи рыҟәша аиҳабы Кама Аԥҳазоуԥҳа.
Аԥсны Жәла Реизара - Апарламент хәажәкыра 2022 шықәсазы атуризм азакәан ахь иаднакылаз аԥсахрақәа инарықәыршәаны аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа хымԥада аттестациа иахыслароуп, убасгьы Аԥсны иахьаҵанакуа аекскурсиа амҩаԥгара азин рымоуп Аԥсны атәылауаа иреиҳауи абжьаратә занааҭҵареи змоу.
"Аԥҟара ҿыцқәа иалагалоу инарықәыршәаны аекскурсиа мҩаԥызго шьҭа аштат аҟны дыҟазароуп, мамзаргьы аиқәшаҳаҭрала аус иуазароуп. Аршаҳаҭга змам ма еилазго ахараԥса ддыршәоит. Уаанӡа ҳрықныҟәон атуризм аминистрра аҩнуҵҟатәи аԥҟарақәа, урҭ рҟынгьы иарбан Аԥсны иатәылауаҩым аекскурсиа амҩаԥгара азин шимамыз", - лҳәеит Аԥҳазоуԥҳа.
Лара лцәажәараҿы иазгәалҭеит иаҳа ишыуадаҩу зхатә машьынала иаауа аекскурсиа амҩаԥгаҩ дызцу рхылаԥшра, аха ус еиԥш еиԥмырҟьаӡакәа лассы-ласс иаауа, иаҳа рыцклаԥшра мариоуп.
Аршаҳаҭга змам ма аԥҟарақәа еилазгаз аекскурсиа амҩаԥгаҩ 18 нызқь мааҭ иршәахоит, аекскурсиатә еиҿкаарақәа ракәзар - 30 нызқь мааҭ. Аҩынтә раан аԥҟара еилазгаз ҩынтә рыла еиҳаны иддыршәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0