Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аблоҭиа еиҭеиҳәеит Аиааира 30 шықәса ахыҵразы иаԥҵахо афильмқәа рзы аицлабра шеиҿкаахо

Аблоҭиа еиҭеиҳәеит Аиааира 30 шықәса ахыҵразы иаԥҵахо афильмқәа рзы аицлабра шеиҿкаахо
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Риааиреи Рхьыԥшымра азхаҵареи аиубилеитә рыцхәқәа разгәаҭаразы нап аркхоит афильмқәа рҭыхра. Уи азы имҩаԥысуа аицлабра аԥҟарақәа зеиԥшроу атәы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, акинорежиссер Виачеслав Аблоҭиа.
Аблоҭиа иазгәеиҭеит аицлабра хԥа-ԥшьба хәҭаны ишшахо, уи иалахәхо ажиури ирыдыргалароуп иааркьаҿны русумҭақәа зызкхо атәы реилзыркаауа аҭахҳәага, анаҩс асценари рыдыргалоит (хымз аҿҳәара рырҭоит уи азы), уи ашьҭахь аҭыхрақәа ирылагоит (ԥшьымз ҿҳәарас ирымоуп).
"Афильмқәа хԥа ҳадаҳкылоит. Акы - адокументалтә акәхоит, фба - асахьаркыратә фильмқәа иуҭахзаалак ажанр иақәшәо. Амала дара аибашьра, уи ашьҭахь иҟаз аԥсҭазаара уҳәа ирыдҳәалазароуп тематикала. Адокументалтә фильм ҭызхуа 14 шықәса инаркны шаҟа рхыҵуазаалак ҟалоит, зметраж кьаҿу асахьаркыратә фильмқәа рзы аицлабра рхы аладырхәыр ҟалоит 14 инаркны 45 шықәсанӡа зхыҵуа", - иҳәеит Аблоҭиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0