Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәираиа: аԥсыӡкратә спорт ҳацхраароуп, аҿар рхы аадырԥшыроуп

Қәираиа: аԥсыӡкратә спорт ҳацхраароуп, аҿар рхы аадырԥшыруп
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы имҩаԥган Аԥсыӡкразы раԥхьатәи ачемпионат "Кәыдры аӡиас". Уи иалахәыз рхы шаадырԥшыз, аԥҟарақәа зеиԥшраз, ԥхьаҟа ус еиԥш аицлабра амҩаԥгара азгәарҭома, аԥсыӡкра аспортхкы аҳасабала Аԥсны ишьақәгыларц лшарас иҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсыӡкраз ачемпионат аиҿкааҩцәа руаӡәк Ерасҭ Қәираиа.
Ари аицлабра еиҳараӡак зхы алазырхәыз урыстәылантәи иааз аԥсыӡкыҩцәа роуп, избанзар аҭыԥан имаҷуп аспортсменцәа-аԥсыӡкыҩцәа, ҳәа азгәеиҭеит Қәираиа.
"Аԥсны азы хҩык ҳакәын еицлабуаз, алҵшәа бзиа ҳзаамырԥшит, аха усгьы ҳгәаанагарала наҟ-наҟ иаҳа еиӷьны ҳақәгылартә алшара ҳауеит. Аиашазы, Аԥсны ас еиԥш аицлабрақәа есымза имҩаԥугалар ҟалоит, избанзар ирацәоуп аӡиақәа, аха акәамаҵамақәак адҳәалоуп, иаҳзеиҿкаалар ас еиԥш аицлабрақәа изаманан", - иҳәеит Қәираиа.
Иара игәаанагарала аԥсыӡкратә спорт ацхыраара, адгылара аҭахуп, азҿлымҳара зуҭаша акакәны иҟоуп, аҿар уи аҟны рхы аадырԥшыруп.
Ерасҭ Қәираиа иазгәеиҭеит ачемпионат аҟны аиааира згаз аԥсыӡкыҩцәа аԥышәа бзиа змоу, еиуеиԥшым аицлабрақәа зхы рылазырхәхьоу, зацлабра мариаӡам шракәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0