Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сабекьиа аӡын амш бзиақәа ақыҭанхамҩа ишаныԥшуа азы: аԥырхага анаҩс иахьбзиоугьы ыҟоуп

Сабекьиа аӡын амш бзиақәа ақыҭанхамҩа ишаныԥшуа азы: аԥырхага анаҩс иахьбзиоугьы ыҟоуп
Анапаҵаҩра
Аӡын инеиԥынкыланы амш бзиақәа ақыҭанхамҩа ишаныԥшуа атәы далацәажәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа.
Аԥсны ахьшәашәарақәа уамак иахьыҟамло аҟынтә, ажьырыныҳәымзазы ишьақәгылаз амш бзиақәа ақыҭанхамҩа ԥырхага дук арымҭароуп, ҳәа иԥхьаӡоит Сабекьиа.
"Ари амзазы ишьақәгылаз аҳауатә ҭагылазаашьа уахәаԥшуазар, ашәырҵлақәа рбиологиатә ҭагылазаашьала аӡын ицәазароуп, аха ари аԥхарра иажьоит. Аӡын иптуа, ишәҭуа иалаго ашәырҵлақәа, ахьҭақәа аныҟала аԥырхага ду роуеит. Даҽа ганкахьала ас еиԥш аҳауа иахьбзиоугьы ыҟоуп. Еиҳарак абаҳча дуқәа змоу ауаа ари аамҭа рхы иархәаны аусурақәа рымԥагара иалагоит. Аҵлақәа реилыхра, органикатә рҵәыгақәа аларгалар ауеит, анаҩс амш цәгьақәа ҟалар, ас еиԥш алшара ҳнамҭар ауеит. Ари аамҭа ишьақәгылаз уи аганхьалагьы ҳхы иаҳархәар ҟалоит. Ари аҳауатә ҭагылазаашьа иахьбзиоугьы, аԥырхага ахьыҟанаҵогьы ыҟоуп. Ҩ-ганкла сахәаԥшуеит", - иҳәеит Сабекьиа.
Зыбӷьы казыԥсуа ашәырҵлақәа заанаҵы аӡын еилухыр, арҵәыгақәа руҭар ҟалоит, иҳәеит аҵарауаҩ.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0