Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гыцба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсныҟа раамышьҭра иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Гыцба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсныҟа раамышьҭра иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа атәыла алалара азин рырымҭеит. Ари ахҭыс арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азиуеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат, адипломат Инар Гыцба.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа жәабран 8-9 рзы Аԥсны аофициалтә хаҿқәа ирԥылараны иҟан. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа атәыла алалара азин рырымҭеит. Аусбарҭа адырра ҟанаҵеит, жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа ахьахыргаз азоуп ас еиԥш аӡбамҭа зрыдыркылаз ҳәа. Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәала аӡбра рыдыркылеит аиҿцәажәарақәа ахырԥазарц. Аԥсны адәныҟа-политикатә усбарҭаҟны ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа иршьоит.
"Сара ари апроцесс ҩ-ганкны сахәаԥшуеит. Дара (Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәу жәларбжьаратәи аинститутқәа рхаҭарнакцәа - азгәаҭа) аҵыхәтәантәи аамҭазы рхыдҵақәа нарыгӡаӡом. Ари аҩыза ақәҵара анудукыло( аиҿцәажәарақәа рахыгаразы-азгәаҭа), иалахәу аганқәа зегьы ирацәажәаны, ргәаанагара еилкааны, аҽҳәара ҿыц шьақәдыргылоит. Дара, ишдыру еиԥш, ҳпозициа зынӡаск иазҿлымҳаӡамызт, рхала ас еиԥш ақәҵара шьҭырхит. Даҽа ганкахьала даргьы ибзианы еилыркаароуп, ҳинтересқәа рахь азҿлымҳара аадмырԥшыр, ҳпозициа шыҟоу",- ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Иара агәыӷра ааирԥшит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа аганахьала ирыдыркылаз ашьаҿа иабзоураны, дара азҿлымҳара аадырԥшып ҳәа Аԥсны аҭахрақәа рганахьала.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0