Невзоров латәарада иусӡбараан аа-шықәса аҭакра иқәырҵеит

© Sputnik / Михаил МакаренкоАвтор и ведущий программы "600 секунд" Ленинградского телевидения Александр Невзоров.
Автор и ведущий программы 600 секунд Ленинградского телевидения Александр Невзоров. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа аҳәынҭқарратә харадҵара аҳәара ҟанаҵон хьырхәрак аҳасаб ала жә-шықәса иқәҵазарц.
АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik. Москва, Басмантәи аусӡбарҭа, латәарада урыстәылатәи ажурналист Александр Невзоров латәарада иусӡбараан аа-шықәса аҭакра иқәнаҵеит урыстәылатәи ар рзы иԥаршеиз аинформациа ахьалаирҵәоз азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аа-шықәса аколониаҿ ахгара иқәзааит", – аҳәоит аӡбаҩ Евгениа Николаева лыӡбамҭа.
Аусӡбара анымҩаԥысуаз зус рыӡбоз дыҟамызт. Иара уажәы Урыстәыла анҭыҵ дынхоит, иинтересқәа ихьчон адукат.
Аусеилыргара агәаанагарала хәажәкыра 9 инаркны лаҵара 30 аҟынӡа Невзоров Урыстәыла анҭыҵынтәи Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда дшақәшаҳаҭым атәы азгәаҭо асоциалтә ҳақәеи YouTube аҿи иԥаршеиз аинформациа алаирҵәон, Мариуполь ахшараиурҭа аҩны аурыс ир ракәызшәа еилаԥызыххааз, иара убасгьы Буча аҭынч уааԥсырагьы зшьыз дара ракәушәа.
Арҭ ахарадҵарақәа уаанӡа Атәылахьчара аимнистрра иҿаԥнаҽит.
Ажурналист ихара зҵазкуа ахәҭаҷ иазгәанаҭоит 5-10 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахьырхәра.
Ажәабжьқәа зегьы
0